Урыстәыла Апрокуратура хада Буча иазку аԥаршеи ашьаус-зинтә хәшьара анаҭоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГенеральная прокуратура РФ
Генеральная прокуратура РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Арбџьармчқәа Буча ақалақь иалҵит хәажәкыра 30 азы. Мшаԥы 3 азы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит авидео – урыстәылатәи аруаа рыцәгьоурақәа рзы.
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Урыстәыла Апрокуратура хада Буча иазку имцу аинформациа ашьаус-зинтә хәшьара анаҭоит ҳәа аанацҳауеит азинхьчаратә усбарҭа Telegram-канал аҿы.
"Урыстәыла Апрокуратура хадеи Урыстәыла ашьаусҭҵааратә Еилаки асоциалтә ҳақәа ирыларҵәоу Киевтәи аобласт Буча ақалақь ахҭысқәа ҭырҵаауиет", - ҳәа аҳәоит арелиз аҿы.
Апрокуратура хада аҳәамаҭ ҟанаҵеит украинатәи анапхгара иаладырҵәо ԥаршеироуп. Ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит арратә прокурорцәа, атәылахьчаратә министрра иӡырырго авидеоматериалқәа.
Хәажәкыра 31 азы икьыԥхьыз авидеоролик иунарбоит украинатәи ар ақалақь ралалара. Хәажәкыра 31 инаркны мшаԥы 3 рҟынӡа урҭ уа иҟарҵоз дара рыламыс иаҵанакыроуп ҳәа рҳәеит Апрокуратура хадаҿы.
"Украинатәи аган иаланарҵәо амц Урыстәыла ар рцәархыхроуп иззырхо. Имцу аинформациа шаԥҵахаз ҭҵаахоит, иахәҭаны иҟоу ахәшьарагьы рыҭахоит", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Амҽыша Украина Атәылахьчара аминистрра, анаҩс украинатәи АИХқәа иаладырҵәеит авидео – Киевтәи аобласт, Буча ақалақь аҿы иҭыхуп ҳәа зхырҳәааз ишьу ауаа амҩа иахьаныжьлаз аазырԥшуаз. Ацәгьоура урыстәылатәи аруаа ирхараҵан. Аха аинтернет-хархәаҩцәа уи аиашара агәра рымгеит. Атәылахьчара аминистрра ирҳәеит Буча аурыс ир гыланаҵы аҭынч уааԥсыра рҟынтә аӡәгьы ԥырхага имоуит ҳәа. Дара ақалақь иалҵит хәажәкыра 30 азы.
Урыстәыла Буча ақалақь аҿы ауаа рҭахаразы иахарарҵо зегь мап рыцәнакуеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
Ситуация в Дебальцево - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Буча ауаа рҭахаразы иахарарҵо зегь мап рыцәнакуеит ҳәа иҳәеит Песков
Ажәабжьқәа зегьы
0