Ӷәымрышь ақыҭаҟны 134 ҭӡы нхоит. Ес-хәышықәса ашәҟәы ҿыц иҭаргалоит ақыҭаҟны инхо. Ӷәымрышь ахада Беслан Берзениа иазгәеиҭеит анхацәа рхаҭара шьақәзыргыло ашәҟәқәа рыла ауадаҩрақәа шрымоу. Сынтәа ақыҭа ашкол иалгоит ԥшьҩык аҵаҩцәа, зынӡа ашкол аҟны 44-ҩык аҵара рҵоит. Дара рхаҭара шьақәзыргыло Аԥсны ирыдыркыло ашәҟәқәа рымаӡам аҟынтә, рҵара шхдыркәшо азы аршаҳаҭга рмоур алшоит. Руаӡәы ақьаад алеиҵеит анхаразы ашәҟәы иоурц. Берзениа иҳәеит ҵыԥх ашкол хәҩык шалгаз ақыҭаҟны. Руаӡәк Аҟәа аҵара дҭалеит, егьырҭ ашәҟәқәа ахьрымамыз иахҟьаны Қарҭҟа ицар акәхеит рҵара иацырҵарц.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.