Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Берзениа еиҭеиҳәеит Ӷәымрышь анхарҭақәа ашәҟәы ранҵареи ашкол иалго ауадаҩрас ирымоуи атәы

Берзениа еиҭеиҳәеит Ӷәымрышь анхарҭақәа ашәҟәы рнҵареи ашкол иалго ауадаҩрас ирымоуи атәы
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион Ӷәымрышь ақыҭа ахада Беслан Берзениа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит анхарҭақәа ашәҟәы ишҭаргало, ашкол аушьҭымҭацәа уадаҩрақәас ирԥыло атәы.
Ӷәымрышь ақыҭаҟны 134 ҭӡы нхоит. Ес-хәышықәса ашәҟәы ҿыц иҭаргалоит ақыҭаҟны инхо. Ӷәымрышь ахада Беслан Берзениа иазгәеиҭеит анхацәа рхаҭара шьақәзыргыло ашәҟәқәа рыла ауадаҩрақәа шрымоу. Сынтәа ақыҭа ашкол иалгоит ԥшьҩык аҵаҩцәа, зынӡа ашкол аҟны 44-ҩык аҵара рҵоит. Дара рхаҭара шьақәзыргыло Аԥсны ирыдыркыло ашәҟәқәа рымаӡам аҟынтә, рҵара шхдыркәшо азы аршаҳаҭга рмоур алшоит. Руаӡәы ақьаад алеиҵеит анхаразы ашәҟәы иоурц. Берзениа иҳәеит ҵыԥх ашкол хәҩык шалгаз ақыҭаҟны. Руаӡәк Аҟәа аҵара дҭалеит, егьырҭ ашәҟәқәа ахьрымамыз иахҟьаны Қарҭҟа ицар акәхеит рҵара иацырҵарц.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0