Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Украина абылтәыҵәахырҭақәа хәба ԥыржәеит

Хәажәкыра 24 раахыс Украина абџьархыхра амҩаԥгаразы арратә аоперациа ҷыда цоит. Уи хықәкыс иамоуп киевтәи арежим аҟынтәи аа-шықәса агеноцид иҭагылоу ауааԥсыра рыхьчареи Украина абџьараҟәныхреи аденацификациеи азура. Аруаа ааха рырҭоит арратә хыбрақәеи аинфраструктуреи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6– Sputnik. Урыстәылатәи ар аракетақәа рыла Украина абылтәыҵәахырҭақәа хәба ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Мшаԥы 6, ашьыжь Урыстәылатәи ар аракетақәа рыла Украина абылтәыҵәахырҭақәа хәба ԥыржәеит аиланхарҭақәа Радехов, Казатин, Просианаиа, Николаев, Новомосковск рҟны", – иҳәеит Конашенков.

Конашенков иажәақәа рыла урҭ рҟынтәи акәын николаевтәии, харковтәии донецктәии ахырхарҭақәа рҿы игылоу украинатәи ар былтәыла иахьеиқәдыршәоз.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла ар УАМ рбылтәыҵәахырҭеи акәылӡтехника арҽеирақәа ахьыҟарҵози ԥыржәеит
Иара убасгьы икажьын аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба Бердианск, Горниак, Уванск, Чернобаевка иахьрыҵаркуа.
Ааха рыҭан арратә хыбрақәа 24 – азенит-ракетатә комплекс "Оса-АКМ", аҵәахырҭақәа 5, арратә техника агыларҭақәа 11.
Арратә операциа иалагазар, Украина иҭархоуп 125 ҳаирплан, 91 верталиот, 3898 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 226 зенит-ракетатә комплекс, 1 969 танки акәылӡымашьынеи, 214 реактивтә система, 852 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1873 ак автомобилтә техника.