Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла алаларазы ареферендум амҩаԥгараз агәыԥ ашәҟәы иҭагалоуп

Аԥшьгамҭатә гәыԥ аҭаҩратә ршаҳаҭга анроу инаркны хымз рыҩнуҵҟа азин рымоуп хатәгәаԥхаралеи рхалеи ареферендум амҩаԥагразы ауаа рнапынҵамҭақәа реизгараз.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит Урыстәыла алалара адгылараз атәылауаа раԥшьгамҭатә гәыԥ ареспублика ареферендум амҩаԥгараз, абри атәы аҩуеит Sputnik Южная Осетия АКХ амаӡаныҟәгаҩ Кристина Авлохова лажәақәа шьаҭас иганы.

"Акомиссиа аӡбра аднакылеит аԥшьгамҭатә гәыԥ ашәҟәы аҭаҩразы, ашәҟәы ишҭаҩу азы аршаҳаҭга арҭаразы", - лҳәеит лара.

Лара лажәақәа рыла аԥшьгамҭатә гәыԥ азин амоуп ареферендум адгылараз анапынҵамҭақәа реизгара иалагарц. Анапынҵамҭақәа 1000 иреиҵамзароуп.
Бибилов: Аахыҵ Уаԥстәыла аҩныҟа, Урыстәылаҟа игьежьыроуп
Уаанӡа Бибилов иҳәахьан аԥшьгамҭатә гәыԥ ишалахәу ареспублика ахада Анатоли Бибилов, уаанӡатәи атәыла ахадацәа Лиудвиг Чибиров, Едуард Кокоиты, Леонид Тибилов, Апарламент ахада Алан Тадтаев, адепутатцәа, ауаажәларратә еиҿкааарқәеи аинтеллигенциеи рхаҭарнакцәа ҳәа. Аԥшьгамҭатә гәыԥ аилазаара иалахәуп 26-ҩык, ареферендум азы аконституциатә закәан инақәыршәаны.
Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реидыларазы ареферендум атәыла ахада иалхра анымҩаԥыслак, мшаԥы 10 анахыс имҩаԥгахар шалшо уи азы иахәҭоу азинтә усмҩаԥгатәқәа рышьҭахь.
Аԥсны
Аԥсны ахада Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рҽеидҵаразы аҽазышәара гәахәарала идикылоит