Аԥсны

Аминистрцәа реилазаара атәыла иалыргало тауарқәак рзы аҳазалхратә баџь аамҭала иаԥырхит

Иалагалоу аамҭалатәи ауснагӡатәқәа Аԥснытәи анаплакҩцәа ацхыраара рыҭареи, атәылаҟны афатә-ажәтә азы ашәарҭадара аиҿкаареи ирзырхоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Аԥсны Аиҳабыра атәыла иалыргало тауарқәак рзы аҳазалхратә баџь ашәаразы аиҭакрақәа аларгалеит, ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аусԥҟа азинмч амоуп мшаԥымза 7 инаркны рашәарамза 1 2020 шықәсанӡа.
Аҳазалхратә баџь аԥыхуп атәыла иалыргало абарҭ атаур хкқәа рзы:
аԥсаатә рыкәтаӷь, ацәа ишалоу, иаӡоу, ижәу, ихҩоу,
афҩыхаа змоуи измами ачаи,
аџьықәреи,
абрынџь
акынҵлышь, ашырӡ, аканареикатә гәаӷьқәа, убас еиуеиԥшым арыц лыхқәа
азараҟьахәша, афҩы змоуи измами,
ашьақар,
арахә ирҿарҵо афатә хкқәа,
аџькхыша, атыҩша, анышә, ахаҳә, ашьыхратә маҭәахәқәа, ацемент, аҳаш,
иорганикатәым ахимиатә аалыҵқәа,
ахәшәқәа,
арҵәыгақәа,
егьырҭ ахимиатә аалыҵқәа.
Аусԥҟа анагӡара Аԥсны аҳәынҭқарра аҳазалхратә усбарҭа анапы ианҵоуп.