Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Амшын еиқәа афлот афрегат "Калибрқәа" рыла Украина арратә ргыларақәа иреихсит

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аибашьыга-ӷба аҟынтәи аракетақәа "Калибр" рҭырҟьара авидео ҭырхит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Амшын еиқәа афлот афрегат аҟынтә амҵәыжәҩа змоу аракетақәа "Калибр" рыла Украина арратә ргыларақәа ириехсит ҳәа аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
"Амшын еиқәа афлот афрегат аекипаж Амшын еиқәа аӡыҵакыраҿ ԥшь-мҵәыжәҩак змоу аракетақәа "Калибр" аицҭырҟьаратә хысрала Украина аҵакыраҿ иазгәаҭаз адгьылхыхьтәи ацәҟьарала ирылахысит", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Уаанӡа Урыстәыла арратә усбарҭа ахаҭаранак Игор Конашенков абрифинг аҟны иҳәахьан аракетақәа рыла иԥжәан Днепропетровск, Лисичанск, Чугуев, Новомосковск рҿы абылтәыҵәахырҭақәа ԥшьба. Арантәи Донбасс, Харьков, Николаев еибашьуа украинатәи ар былтәыла еиқәдыршәон.