Аԥсҭҳәа зыхчу Аҟәа: ҳаҳҭнықалақь анаҟә иҭанаҳәҳәеит

Анаҟә иблахкыгоу ԥсабаратә цәырҵроуп, уи лассы-ласс ақәымзаргьы уажәааны Аҟәа ихылалоит. Мшаԥымза 7 азы Аԥсны аҳҭнықалақь аԥсҭҳәа ахатәеит. Уи аԥхьа аҳауаԥхарра 12 градус илаҟәит.
Sputnik
Амш алашьцара иагаанӡа аԥшаҳәа зегьы ԥсҭҳәала ихҟьан. Ари ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ргәы канамыжьӡеит, еиҳагьы агәахәара рыманы аԥшаҳәахьы шьапеиҵыхра, каҳуажәра идәылҵит.
Аҳауагәаҭаҩцәа иаарыцҳауеит мшаԥы 8 азы Аԥсны иахьаҵанакуа ашәшьы хылалоит, уахынла ақәа леиӡом ҽынла аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, ҭыԥқәак рыҟны адыдмацәыс ҟалар алшоит, иара убас анаҟә хылоит ҳәа.
1 / 10

Аԥсны аҳҭнықалақь анаҟә иҭанаҳәҳәеит.

2 / 10

Мшаԥы 7 асааҭ 13:00 азы Аҟәа аԥсҭҳәа хылеит.

3 / 10

Зегьы еицырдыруа акаҳуажәырҭа "Брехаловка" еснагь иаҭаауа амш аҽеиҭакра иагьацәымшәеит. Урҭ гәҭыхас ирымаз ашахматасра аҵыхәтәанынӡа анагара акәын.

4 / 10

Ақалақь ауааԥсыра аӡәырҩы аԥшаҳәахьы инеит аԥсабаратә цәырҵра аԥшӡара иахәаԥшырц.

5 / 10

Аҟәа илахҿыху аԥшшәы рацәа еиԥш, амш аншәшьугьы иҷыдоу ԥшӡарак аҵоуп.

6 / 10

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауа ала ахәаша мшаԥы 8 азы анаҟә хылар алшоит.

7 / 10

Аҟәа лассы-ласс иумбо ари аҩыза аԥсабара ацәырҵра аҳҭнықалақь асасцәагь гәахәарыла ирыдыркылеит.

8 / 10

Аҟәа аҳауаԥхарра 12 градус илаҟәуп.

9 / 10

Анаҟә иахҟьаны ахара акы убом.

10 / 10

Аҟәа анаҟә хын илашьцаанӡа.