АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Аиҳабыра ишьақәдаргылеит ихадоу афатәаалыҵқәак рыхәԥсацҵа аҩаӡара ҳәа аҳәоит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аҳазалтә шәара аҟынтәи ахәԥсацҵа аҩаӡара 10% еиҳамзароуп, еизакны иаархәо рыхәқәа рҟынтәи - 12% еиҳамзароуп.
Ишьақәырӷәӷәоу афатәаалыҵқәа рсиа иаҵанакуеит:
- азеҭ,
-ахәша,
-ахш,
-акәтаӷь,
-ашьақар (аҷыхлых),
-аџьыкхыш,
-ачаи еиқәаҵәа,
-абрынџь,
-ацәхәда,
-ашыла,
-аҟәыдрыц,
-ашьаҳариа,
-ахәыҷыфатә (ахәыҷӡақәа рзы).
Аӡбра ахылаԥшра рнапы ианҵоуп Аекономика аминистрра, ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа.