АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Авирусолог, апрофессор, Енгельгардт ихьӡ зху амолекулиартә биологиа аинститут алабораториа аиҳабы Петр Чумаков URA.RU иҿцәажәараан иҳәеит COVID-19 апандемиа 2022 шықәсазы ишнымҵәо, избанзара макьана адунеи иқәынхо ауааԥсыра рыбжаҩык алаҵа ҟарамҵаӡацт.
Уи адагьы Чумаков иажәақәа рыла Китаи аколлективтә иммунитет ахьыҟам азы ачымазара ҩаԥхьа алаҵәара иалагеит.
"Адунеи иқәынхо ауааԥсыра рыбжаҩык роуп алаҵа ҟазҵахьоу. Иара убасгьы иҟоуп атәылақәа шамахамзар аӡәгьы ачымазара ахьимыхьыц. Китаи алаҵа ҟазҵахьоу шырацәаҩугьы аколлективтә иммунитет шьақәгылам, избанзар алаҵа знык аҟаҵара азхәом, еиҭаҟаҵалатәуп", - иҳәеит иара.
Аҵарауаҩ иҳәеит КЖәР аҿы еиҭацәырҵуа иалагаз ачымазара рымпыҵҟьар ҟалоит ҳәа. Иара игәаанагарала ахԥатәи адунеи иаҵанакуа атәылақәа рҿы авирус аҿагылара аамҭа аҭаххоит.