Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Матуаԥҳа Аԥсны COVID-19 аҟынтә ишьақәгылаз аколлективтә иммунитет ахәшьара алҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди в масках
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Анапаҵаҩра
Аоперштаб аинформациала аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53406-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 50298-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 679-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik. Макьаназ аколлективтә иммунитет шьақәгыланы иҟоуп ҳәа аҳәара заауп ҳәа илшьоит НИИИПиТ аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы, Агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Алиса Матуаԥҳа.

"Макьаназ иаԥҵоу аколлективтә иммунитет еиҳарак шьаҭас иамоу аԥсабаратә иммунитет ауп. 50 нызқь пациент официалла ачымазара рхыргеит, акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵеит 19 нызқьҩык. Аколлективтә иммунитет ҳазааигәахахьеит, аха алаҵаҟаҵара амчала акәымкәа, ауаа рацәа омикрон ахьырхыргаз азы", – лҳәеит лара.

Матуаԥҳа илҳәеит ачымазара шеиҵахазгьы, аҭагылазаашьа шеиӷьхазгьы, ахгәаҭара шаҭаху.
Лара илҳәеит алаҵаҟаҵарҭақәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы ишыҟоу, ачымазара зхызымгац ари апроцедура иахысыр шакәу атәылаҿы аколлективтә иммунитет ашьақәыргыларазы.
Тест на коронавирус  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Аԥсны
Аԥсны COVID-19 аҟынтәи 19 нызқьҩык рҟынӡа алаҵа ҟарҵахьеит
"Алаҵақәа ҳамоуп. Сгәыӷуеит ԥхьаҟагьы иҟаларым ҳәа. Иазхаша ҳамоуп "Спутник Лайт", "Спутник V". Иаҭаххар, иҵегь аагоит", – лҳәеит лара.
Хәажәкыра 29 адыррақәа рыла, уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 148-ҩык, урҭ рахьтә 32-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит.
Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53406-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 50298-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 679-ҩык.
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2022
Аԥсны
Аепидемиолог иазгәалҭеит ҳтәылаҿы аҿкы алаҵәара ахьылаҟәыз аамҭалатәхар ҟалоит ҳәа
Ажәабжьқәа зегьы
0