Аԥсны

Бжьаниа Жириновски иҭаацәа дрыдышшылеит

ЛДПР афракциа ахантәаҩы, Аҳәынҭқарратә Думаҿ алиберал-демократиатә партиа ахаҭарнак Владимир Жириновски 76-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аполитик иԥсҭазаара иалҵра инамадан Владимир Жириновски иҭаацәа дрыдышшылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Владимир Вольф-иԥа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иналукааша политикын. Илшарақәа дууп атәылаҿ апарламентаризм арӷәӷәареи арҿиареи рҿы. Иара еснагь зхатә гәаанагара, зхатә позициа змаз уаҩын, Урыстәыла ажәлар ринтересқәа раԥхьа изыргылоз ҳәынҭқарратә усзуҩын", - аҳәоит анашьҭымҭаҿы.
Владимир Жириновски иԥсҭазаара далҵит мшаԥы 6 азы.
Жириновски хәажәкыра 2 раахыс ахәшәтәырҭа дҭан акоронавирус иманы.
Хәажәкыра 25 азы Жириновски иԥсҭазаара далҵит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит асенатор Александр Прониушкин Telegram-канал аҿы. Усҟан Виачеслав Володин Жириновски иҭагылазаашьа уадаҩуп, аха иԥсы ҭоуп ҳәа азгәеиҭеит.
Иԥсҭазаара далҵит Владимир Жириновски
Владимир Жириновски фынтә Урыстәыла ахадас икандидатура ықәиргылахьан. Деицырдыруан ихымҩаԥгашьеи иқәгыларақәеи рыла.
2005 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи ажәларқәа реиҩызара рырӷәӷәараҿы илшамҭақәа рзы Владимир Жириновски Аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-аԥша" аҩбатәи аҩаӡара ианашьан.