Иԥсҭазаара далҵит Владимир Жириновски

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛидер ЛДПР Владимир Жириновский на церемонии закрытия XIX Всемирного фестиваля молодежи и студентов в Сочи
Лидер ЛДПР Владимир Жириновский на церемонии закрытия XIX Всемирного фестиваля молодежи и студентов в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2022
Анапаҵаҩра
Аполитик акыраамҭатәи ичымазара ашьҭахь иԥсҭазаара дшалҵыз атәы иҳәеит Аҳәынҭдума аиҳабы Виачеслав Володин.
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. ЛДПР афракциа ахантәаҩы, Аҳәынҭқарратә Думаҿ алиберал-демократиатә партиа ахаҭарнак Владимир Жириновски 76-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит, абри атәы иҩуеит Аҳәынҭдума аиҳабы Виачеслав Володин Telegram-канал аҿы.

"Ихаҭара убриаҟара иҳаракын, иара ида Урыстәыла ҳаамҭазтәи аполитикатә система аҿиара ахаҿ аагара уадаҩхоит. Иусура ахәшьарақәа иреиӷьу акакәны иҟоуп - еснагь иалхыҩцәа ириҭоз ацхыраара. Зегьы ҳзы ари зхарҭәаара уадаҩу цәыӡуп. Игәалашәара ахааназ ҳагәқәа рҿы иҟазаауеит", - ҳәа иҩуеит Володин.

Жириновски зышьаҭа хациркыз апартиа алахәылацәа аполитик иԥсра Урыстәыла зегь азы иааха дууп ҳәа ахырҳәааит.
"Иԥсҭазаара далҵит ауаҩ ду. Ҳтәылеи адунеи зегьи рҭоурых аҿы ишьҭа нижьит", - аҳәоит апартиа аофициалтә ҳәамҭаҿ.
Жириновски хәажәкыра 2 раахыс ахәшәтәырҭа дҭан акоронавирус иманы.
Хәажәкыра 25 азы Жириновски иԥсҭазаара далҵит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит асенатор Александр Прониушкин Telegram-канал аҿы. Усҟан Виачеслав Володин Жириновски иҭагылазаашьа уадаҩуп, аха иԥсы ҭоуп ҳәа азгәеиҭеит.
Владимир Жириновски фынтә Урыстәыла ахадас икандидатура ықәиргылахьан. Деицырдыруан ихымҩаԥгашьеи иқәгыларақәеи рыла.
2005 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи ажәларқәа реиҩызара рырӷәӷәараҿы илшамҭақәа рзы Владимир Жириновски Аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-аԥша" аҩбатәи аҩаӡара ианашьан.
Ажәабжьқәа зегьы
0