Аԥсны

Пицундатәи ахәшәтәырҭа ацхыраара лас амашьына аиуит

Пицунда ахада ацхыраара лас амашьына ирҭеит мшаԥы 6 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Пицундатәи ахәшәтәырҭа ацхыраара лас амашьына аиуит Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Амашьына Газель-Некст аархәеит Аԥсны аерман еилазаареи Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутат Адам Делимханови.

Агәыҳалалратә акциаз аӡбра рыдкылан 2021 шықәсазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иԥылара ашьҭахь. Аиԥылараан атәыла ахада иҳәеит ареспублика амедусҳәарҭақәа рҿы ацхыраара лас амашьынақәа шарзымхо.
Пицунда ахада ацхыраара лас амашьына иҭара аусмҩаԥгатә мҩаԥысит мшаԥы 6 азы, Аерман еилазаара ахантәаҩы Галуст Трапизониани Пицунда ахада Руслан Хәынҵариеи алахәны.