Шәачатәи аҳаирбаӷәаза апассаџьырцәа ибжьырҟьоу аҽеиԥшьра амаҵзура рыднагалоит

Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтә имҩаԥысуеит "Суперджет" SSJ-100 рыла аҳәаанырцәҟа аԥыррақәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Хара имгакәа Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза аҩнуҵҟатә реис ала иааны аҳәаанырцәҟа амҩа иқәу апассаџьырцәа реидара азы ибжьырҟьоу аҽеиԥшьра-маҵзура рыднагалоит. Урҭ аидара аиуреи аҽҭаҩреи ирхысуам. Абри атәы аҩуеит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа.

"Уаанӡа аидара атрансфер атехнологиақәа аҭахны иҟамызт. Уажәы аџьармыкьаҿы уи аҭаххара амоуп. Аҳаиртә баӷәазаҿы атехнологиа Аолимпиада аамҭақәа раангьы иҟан. Ҷыдала аус адулан, аха ахархәара аҭамызт. Уажәы ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа инагӡахоит", - иҳәеит аҳаирбаӷәаза ахаҭарнак.

Иазгәаҭоуп иахьа аԥсшьарахь ицаз апассаџьырцәа шьҭахьҟа ианыхынҳәуа реидара дара ииаргаӡом.
Аҳаиртә баӷәаза адыррақәа рыла 50% атрансфер пассаџьырцәа иалырхуеит овернаит (иахьа аара, уаҵәы ацара) еинырра.
Мшаԥы 9 инаркны Урыстәылеи аиҩызаратә тәылақәа 52-еи рыбжьара аҳаиртә еимадара хацыркхоит
Аҳаиреилахәыра "Россия" адыррала Шәачантә аҳәаанырцәҟа аԥырра иалагеит SSJ-100 рыла. Актәи ареисқәа хацыркхеит мшаԥы 7 азы.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла Шәачантә Каир, Анталиа, Стампыл иԥыруа атрансфер-пассаџьырцәа рхыԥхьаӡара 40 - 50% ыҟоуп.