Мшаԥы 9 инаркны Урыстәылеи аиҩызаратә тәылақәа 52-еи рыбжьара аҳаиртә еимадара хацыркхоит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНачало курортного сезона в Крыму
Начало курортного сезона в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 27 2020 шықәса раахыс аҿкчымазара иахырҟьаны Урыстәыла иаанкыланы иҟан иааԥмырҟьаӡакәа иныҟәои ачартертәи аҳаиртә еимадара, уахь иаҵанакуамызт аидаратә, апочтатә, асанитартә, агуманитартә ныҟәарақәа. Аԥырра маҷ-маҷ ихацдыркуа иалагеит уи ашықәсан нанҳәамзазы.
АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Мшаԥымза 9 инаркны COVID-19 аҽацәыхьчаразы Урыстәыла иааԥмырҟьаӡақәеи ачартертәи реисқәа рганахьала иалагалаз аԥкрақәа аԥыххоит, уи алагьы 50 аиҩызаратә тәылеи дареи рыбжьара аҳаиртә еимадара хацыркхоит ҳәа аҩуеит РИА Новости, аԥыза-министр Михаил Мишустин иажәақәа шьаҭас иганы.

"Мшаԥымза 9 инаркны акоронавирустә ҿкы аламырҵәаразы аҳаиртә еимадара ахырхарҭала иалагалаз аԥкрақәа аԥыххоит", - иҳәеит афракциа "Иаку Урыстәыла" иареи реиԥылараан.

Мишустин иазгәеиҭеит аҿкчымазара аиқәтәара ишалагаз, уи иабзоураны иаамҭоуп урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа неир ахьауа ахырхарҭақәа рырҭбаара.
"52 тәылеи ҳареи ҳабжьара аҳаиртә еимадара хацҳаркуеит, уахь иаҵанакуеит Аргентина, Индиа, Китаи, Алада Африкатәи Ареспублика, убас егьырҭ иаҳҩызоу атәылақәа рахь", - иҳәеит Мишустин.
Мшаԥымза 9 инаркны иааԥмырҟьаӡақәеи ачартертәи реисқәа абарҭ аҵакырақәеи аҳәынҭқаррақәеи рхырхарҭақәа рыла иалагалаз аԥкрақәа зынӡа иаԥыххоит: Алжир, Аргентина, Афганисҭан, Бахреин, Босниеи Герцеговинеи, Ботсвана, Бразилиа, Венесуела, Вьетнам, Гонконг, Египт, Зимбабве, Израиль, Индиа, Индонезиа, Иорданиа, Ирак, Кениа, Китаи, КНДР, Коста-Рика, Кувеит, Ливан, Лесот, Маврикиа, Мадагаскар, Малаизиа, Мальдивы, Марокко, Мозамбик, Молдавиа, Монголиа, Мианма, Намибиа, Оман, Пакистан, Перу, Саудовтәи Аравиа, Сеишелқәа, Сербиа, Шьамтәыла, Таиланд, Танзаниа, Тунис, Ҭырқәтәыла, Уругваи, Фиджқәа, Филиппинқәа, Шри-Ланка, Эфиопиа, Аладаафрикатәи Ареспублика, Иамаика.
Иара убас мшаԥымза 9 инаркны Урыстәылеи Китаи рыбжьара адгьыл-мҩатә ҳәаала алалареи алҵреи рзы иалагалаз аԥкрақәа аԥыххоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0