Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина стампылтәи аԥҟарақәа ирыцәхьаҵны Урыстәылеи иареи реиқәшаҳаҭра апроект азнархиеит

Вашингтони иара адгылаҩцәеи рнапаҵаҟа иҟоу Киев аибашьра ааннамкыларц ирылшо зегь ҟарҵоит ҳәа ишьоит Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7– Sputnik. Украина стампылтәи аԥҟарақәа ишрыцәхьаҵыз зныԥшуа Урыстәылеи иареи реиқәшаҳаҭра апроект азнархиеит ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Сергеи Лавров иажәақәа шьаҭас иганы.

"Иацы украинатәи аган аиқәшаҳаҭратә гәыԥ ирыднагалеит иара еиқәнаршәаз аиқәшаҳаҭратә апроект. Уи иаанырԥшуа хәажәкыра 29 азы Стампыл иззаҭгылаз аилацәажәарақәа рыцәхьаҵра ауп", - иҳәеит иара.

Лавров иазгәеиҭеит Украина уаанӡа ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа Ҟрым шрыҵанамкуазы аҳәамҭа ҟарҵахьан, аха аиқәшаҳаҭра ҿыц аҿы ари апункт алхуп ҳәа.
"Стампылтәи адокумент аҿы украинаа ақәшаҳаҭын ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа Ҟрыми Севастополи раҵанамыркра. Иацтәи апроект аҿы ари аартны иҳәам", - иҳәеит аминистр.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла Украинеи иареи реилацәажәара алҵшәа аиуп ҳәа иақәгәыӷуеит
Лавров иажәақәа рыла уи ацынхәрас "еилыргам ацәажәарақәа" арбоуп.
Лавров иҳәеит Урыстәыла Украина ацәажәара иазыхиоуп иара апроект инақәыршәаны ҳәа.
"Аичырчаракәа ирызхьамԥшкәа урыстәылатәи аган аиҿцәажәарақәа ирызхиоуп, ҳпозициақәа зегьы ныҭкааны изныԥшуа аиқәшаҳаҭратә проект амҩа аҭо", – иҳәеит аминистр.
Урыстәыла ААР ахада иҳәеит Украина аиҿцәажәарақәа раан аҭаххара ҿыцқәа еиднакыло мҩа роуам ҳәа.