Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

30-ҩык ауааԥсыра ҭахеит Украина Арбџьармчқәа "Точка-У" ала Краматорск ианалахысуаз

Мшаԥы 8 азы Краматорск аихамҩатә вокзал иахьаҵанакуа ауааԥсыра анахыргоз аамаҭзы аракетатә жәылара ҟаҵан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. 30-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, шәҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит Украина Арбџьармчқәа "Точка-У" ала Краматорск ианалахысуаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ДЖәР Жәлар рмилициа ахаҭарнак Едуард Басурин Актәи аканал аҿтәи иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

"Апровокациа аҭыԥ аман Краматорск. Украинатәи амчрақәа рыгәҭакқәа иагьырӡомызт. Аԥхьа ирыларҳәеит ауаа Краматорск, Константиновка, Славианск ишалырго. Ауаа неит аихамҩатә станциақәа, авокзалқәа рахь. Ракетала ирылахысит, иҭахеит 30-ҩык",- иҳәеит Басурин.

Иара иҳәеит ахархәара шрыҭаз акассетатә хгәыцәқәа.
Денис Пушилин иажәақәа рыла, Украина Арбџьармчқәа ҩ-ракьетак "Точка-У" рхы иадырхәазар ҟалоит, иагьазгәеиеҭит ДЖәР, ЛЖәР, Урыстәылеи ари аҩыза абџьар рхы ишадмырхо.
Пушилингьы иҳәеит аоперациа иалагазар ДЖәР ишкарыжьхьоу 24 ракета "Точка-У".
Киев ахара рыднаҵеит урыстәылатәи ар. Урыстәылатәи аган иазгәанаҭеит киеваа ирҳәо аиаша ишацәыхароу. Атәылахьчара аминистрраҿы ирҳәеит аракетақәа "Точка-У" украинатәи ар шракәу зхы иазырхәо.
Иазгәарҭеит хәажәкыра 14 рзы Донецк излалахысуазгьы ари абџьар шакәу. Усҟан иҭахеит 17-ҩык, ахәрақәа роуит 36-ҩык.