Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит асабша мшаԥы 9 азы

Аӡы аанкылахоит Гәымсҭа ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәа згәҭаӡа 300 мм иҟоу арҽеиратә усурақәа ахьазыруа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит асабша мшаԥы 9 асааҭ 00:00 - 15:00 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит аунитартә наплакы "Аӡыршьҭра".
Ӡыржәтәда иаанхоит: Аҟәа ақалақь агәҭа, аџьармыкьа иахьаҵанакуа, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ аҩадатәи ахәҭа.
Аӡы аанкылахоит Гәымсҭа ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәа згәҭаӡа 300 мм иҟоу арҽеиратә усурақәа ахьазыруа иахҟьаны.