Аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа "Спутник V" Урыстәыла ахархәарахь инарышьҭит

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа ашәҟәы иҭанагалеит мшаԥы 1 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Зыӡбахә ҳәоу аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа Гам-КОВИД-Вак ("Спутник V") аус адырулеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр аҿы. Алаҵа ахархәара "Спутник V" азы ицхыраагӡахоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рмилаҭтә центр адиректор Александр Гинцбург РИА Новости аҿы.

"Официалла иара ахаҭабзиаратә гәаҭара иахысны ахархәарахь инашьҭуп, арегионқәа рахь ирыларгалахьеит. Алаҵа аилазаара "Спутника V" аилазаара иеиԥшуп", - иҳәеит Гинцбург.

Аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа ҩ-компонентк рыла ишьақәгылоуп, хымчыбжь рахьтә знык аԥынҵа иҭарҭәоит иҷыдоу ахаҵа-ҭаршәшәага ала.
Аҟазауаа рдыррақәа рыла, алаҵаҟаҵара ашьҭахь ауаҩытәыҩса ицәеижь ахьчаратә ҟазшьа каҳауа иалагоит. Алаҵа амчра ахьчаразы ацхыраагӡақәа (абустерқәа) аҭахуп. Ари алаҵа иеиҿнакаауеит амукозалтә иммунитет COVID-19 аганахь ала аԥынҵаҿи аԥсыԥлагаҩагаратә тракт аҿи, иара убасгьы еиҿнакаауеит агуморалтәи ахыцтәи аиммунитет ашьаҿы.
Гинцбург COVID-19 аҟынтә аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа далацәажәеит
Алаҵа абжьгарақәа инақәыршәаны иара рыдыркыларц азин ыҟам аллергиа змоу ауаа. Гәҽанҵарыла рхы иадырхәалароуп агәаҵәа, аҷаҷақәа, ашьеилазаара рыпроблема змоу, аԥсмаҷхара, анервтә система, ахшыбаҩтә шьеикәшара, амиокардит, аендокардит, аперикардит уҳәа змоу.
Аԥҳәыс лцәа лтәымзар ма ахәыҷы агәыԥҳәы аниҿалҵо алаҵа ҟалҵар ҟалоит, 22-тәи амчыбжь инаркны, уигьы ан лзы ашәарҭара еиҳа еиҳаны ианыҟоу.