Аԥсны

Быҭәба: COVID-19 зманы ахәшәтәырҭа иҭоу рхыԥхьаӡара 20-ҩык рҟынӡа ыҟоуп

Аԥсна апандемиа иалагазар 53,5 нызқь коронавирус-хҭыс аҭыԥ рыман.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Иахьазы ареспубликаҿы COVID-19 зманы ахәшәтәырҭа иҭоу рхыԥхьаӡара 20-ҩык рҟынӡа ыҟоуп ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аҿкчымазара аҽацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҟны.
"Иахьазтәи арбагақәа лаҟәуп. Иацы иаарԥшыз ааҩык роуп. Илаҟәит ачымазара хьанҭаны изхызго рхыԥхьаӡареи ауаа ПЦР-тестқәа раҭараз рыдҵаалареи", – иҳәеит аминистр.
Иара иажәақәа арыла аҵыхәтәантәи афымш рыҩнуҵҟа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭахь аӡәгьы дымнеит.
Акоронавирус иааубаратәы илаҟәуа иалагеит хәажәкырамза иалагазар. Арбагақәа уаанӡатәи амзақәа ирҿырԥшны акырынтә еиҵахеит.