Аԥсны

Миллиардк иазынаԥшуа аԥара ннахит Аԥсны COVID-19 аҿагылараз

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Апандемиа иаалагазар акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәаразы 965 миллион мааҭ ныхуп ҳәа иҳәеит авирус аҽацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы афинансқәа римнистр Владимир Делба.
"Арҭ аԥарақәа ана-ара иԥшааз, ареспубликатә еиԥш араионтә биуџьетқәа ирылхыз ԥарақәоуп. Уи азоуп ари аус аҿы ариаҟара аԥара азоужьра зҳалшаз", - иҳәеит Делба.
Иара иажәақәа рыла, апандемиаз аныхрақәа еиҵахар алшоит ачымазара лаҟәыцыԥхьаӡа, аха убри аан макьаназ аепидемҭагылазаашьа хырыҩа аҭара ҟалом.
Аԥсны
Быҭәба: COVID-19 зманы ахәшәтәырҭа иҭоу рхыԥхьаӡара 20-ҩык рҟынӡа ыҟоуп