Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Песков Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда ахықәкы далацәажәеит

Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҳәеит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациала ахԥатәи адунеитә еибашьра аԥнарҟәҟәаауеит ҳәа. Абри атәы аҩуеит РИА Новости ателеканал Sky News адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Шәазхәыц, НАТО алахәыла, Украина, Ҟрым сырхынҳәуеит ҳәа Урыстәыла иақәлеит. НАТО Аԥҟаԥҵәа ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны аиадертә бџьар змоу НАТО атәылақәа Украина рыхьчароуп. Ус анакәха ахԥатәи адунеизегьтәи аибашьра иалагеит ауп. Уажәы имҩаԥысуа асеиԥш иҟалар зылшо аибашьра аҽацәыхьчароуп", - иҳәеит иара британиатәи ателеканал Sky News аефир аҟны.

Песков иҳәеит аҭагылазаашьа адипломатиатә мҩала иҭышәынтәалар шауа.
"Ахи уи Украина ахықәкқәеи насгьы ҳҭахрақәа иахьынӡарықәшаҳаҭхои роуп изхьырԥшхо", - иҳәеит Песков.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина стампылтәи аԥҟарақәа ирыцәхьаҵны Урыстәылеи иареи реиқәшаҳаҭра апроект азнархиеит
Урыстәыла Украина арратә аоперациа иалагеит хәажәкыра 24 азы. Атәыла ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит Урыстәыла Украина аоккупациа азура гәҭакыс ишамам, дара рхықәкы аа-шықәса рыҩнуҵҟа киевтәи арежим агеноцид зызнауаз ауааԥсыра рыхьчара, Урыстәыла атәылауаа, аҭынч уааԥсыра рганахь ала ацәгьоурақәа ҟазҵоз, ашьа зымпыҵыкәкәо рус аӡбра, Москва Украина адемилитаризациа азура ауп ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
3 Лаҵара, 10:17