Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар уахыкала Украина 80 рҟынӡа арратә ргыларақәа дырхәашеит

Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда цоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Урыстәыла АКМ роператив-тактикатә авиациеи аракетатә ари уахык ала Украина 81 арратә ргыларақәа дырхәашеит ҳәа ааицҳауеит Урыстәыла атәылахьчара ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.

Иҭархоу ирыҵаркуеит: анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба, ашьақәгыла ЗРК "Оса", ареактив-систематә шьақәгылақәа хԥа, ахырӷәӷәарҭақәа жәба, арратә техника агыларҭақәа 59.

Уи адагьы аракетақәа "Бастион" рыла Одесса амҵан урыстәылатәи ар идырхәашеит аҳәаанырцәҟазауаа УАМ ахьазыҟарҵози иахьеидыркылози Ацентр. Иара убасгьы ракетала ааха рыҭан Донбассҟа иааз арезерв ар рџьаԥҳани рырратә техникеи.
Урыстәылатәи ПВО аҳауаҿ иларышьҭит украинатәи авертолиотқәа Ми-8, Ми-24, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба, урҭ рҟынтәи ҩба – "Баирактар ТБ-2".
Атәылахьчара аминистрра адыррала аибашьра иалагазар, Укриана иацәыӡхьеит: 97 вертолиот, 421 АДА, 2019 танки акәылӡы машьынақәеи, 228 реактивтә шьақәгыла, 874 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 1917 ак арратә машьынатә техникеи.