Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Мариуполь еиԥдырҟьеит қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуаа ф-бызшәак рыла ррадиоеиҿцәажәарақәа

Донецктәи Жәлар Рреспублика арбџьармчқәеи урыстәылатәи аруааи Мариуполь ахақәиҭтәразы аоперациа аицымҩаԥгара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Украинатәи аруааи анацбаталионқәеи рыда Мариуполь еибашьуеит ф-бызшщак рыла аиҿцәажәарақәа мҩаԥызго европантәи қьырала еибашьуа атәылауаа, абри атәы аицҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистр аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков.
"Арадиола еиԥырҟьаз аусмҩаԥгатәқәа иаҳдырбеит абаталион "Азов" аҟны анацистцәеи инханы иҟоу украинатәи аруааи рыда ирымпыҵахалан иҟоу Мариуполь ахәҭак аҿы аус шыруа аҳәаанырцәынтәи қьырала еибашьуа атәылауаа. Арадиоеиҿцәажәарақәа, аукраин бызшәеи аурысшәеи рыдагьы европатәи атәым бызшәақәа фба рыла имҩаԥысуеит", - иҳәеит иара.
Иара иргәалаиршәеит киевтәи арежим Мариуполь аибашьцәа ралгара мап шацәнакыз.
"Уажәы аҳәаанырцәынтәи қьырала еибашьра иааз роуп ақалақь иалоу, урҭ аславианцәа ршьуеит америкатәи адолларқәа рыла рыхә ылхны, аҭынч уааԥсыра рышьҭахь игыланы. Хымԥада ақалақь Донецктәи Жәлар Рреспублика арбџьармчқәеи урыстәылатәи аруааи Мариуполь ахы иақәиҭыртәуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Конашенков.
Уаанӡа Чечниа ахада Рамзан Кадыров аҳәамҭа ҟаиҵеит Мариуполь 98 процент рыла иҭарцәуп ҳәа.