Аԥсны

Аԥсны аԥынҵа иҭарҭәо акоронавирус аҟынтә алаҵа аанахәарц агәы иҭоуп

Аԥынҵа иҭарҭәо акоронавирус аҟынтә алаҵа "Спутник V" Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рахь ахархәаразы ицәырҵит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Аԥсны алшара шааҟалалак еиԥш аԥынҵа иҭарҭәо акоронавирус аҟынтә алаҵа аанахәоит ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны адырра ҟалҵеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Ҳара ари азҵаара ықәҳаргылеит Акоронавирустә инфекциа ауаа рацәыхьчаразы аштаб аилатәараан. Аԥыза-министр иаразнак иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа иҳанаҭо алшарақәа ҳхы иаҳархәароуп ҳәа. Уи ара аҭиразы ма гуманитартә цхыраарак аҳасабала аашьҭразы алшара шааҟалалак, ҳара иҳадаҳкылоит", - лҳәеит Скорик.

Аԥсны апрофилактикатә лаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит 2021 шықәса лаҵарамзаахыс урыстәылатәи алаҵақәа "Спутник V", "Спутник-лайт" рыла. Зынӡа алаҵа рзыҟарҵахьеит 20 нызқьҩык ауааԥсыра.
Асанитартә ҳақьым хада ауаа ргәырҽанылҵоит акоронавирус зынӡаскгьы иҳалҵны ишымцо, убри азы алаҵа ҟазымҵац иҟарҵарц рабжьылгоит.
Уажәы Аԥсны акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара иагхеит. Акоординациатә штаб аилатәараан Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рыхәҭак аԥыхзарц ажәалагала ҟалҵеит аепидҭагылазаашьа ахьеиӷьхаз азы.
Аԥсны
Скорик аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рыхәҭак аԥыхзарц ажәалагала ҟалҵеит
Адунеи аҿы раԥхьатәи аԥынҵа иҭарҭәо COVID-19 аҟынтәи алаҵа Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит мшаԥы 1 азы. Иара ҩ-компонентк рыла ишьақәгылоуп, хымчыбжь рахьтә знык аԥынҵа иҭарҭәоит иҷыдоу ахаҵа-ҭаршәшәага ала. Аҟазауаа рдыррақәа рыла, алаҵаҟаҵара ашьҭахь ауаҩытәыҩса ицәеижь ахьчаратә ҟазшьа каҳауа иалагоит. Алаҵа амчра ахьчаразы ацхыраагӡақәа (абустерқәа) аҭахуп. Ари алаҵа иеиҿнакаауеит амукозалтә иммунитет COVID-19 аганахь ала аԥынҵаҿи аԥсыԥлагаҩагаратә тракт аҿи, иара убасгьы еиҿнакаауеит агуморалтәи ахыцтәи аиммунитет ашьаҿы.