https://sputnik-abkhazia.info/20220408/skorik-akovidagylarat-usnagata-rykhak-aykhzarts-azhalagala-aleit-1038555056.html
Скорик аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рыхәҭак аԥыхзарц ажәалагала ҟалҵеит
Скорик аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рыхәҭак аԥыхзарц ажәалагала ҟалҵеит
Sputnik Аҧсны
Мшаԥы 8 азы имҩаԥысит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара. 08.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-08T15:25+0300
2022-04-08T15:25+0300
2022-04-08T15:25+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/03/1031763133_0:39:1500:883_1920x0_80_0_0_090eab3ed44866ddf502457bd1c7fe2c.jpg
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥсны асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рыхәҭак аԥыхзарц ажәалагала ҟалҵеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿ, аепидемҭагылазаашьа шьақәтәо иахьалагаз азы."Ҳауаажәлар рыҩнуҵҟа ишьақәгылеит аколлективтә иммуннитет. Адунеи аҿы ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны Аԥсны ауааԥсыра атәыла анҭыҵ ахара ацара азԥхьагәарҭом. Аԥсныҟа иҭало ракәзар (амигрантцәа) ргәабзиара гәарҭоит. Уи азы COVID-19 ацәшәара ҳаракым", - лҳәеит лара.Убри аан акурорттә аамҭа инадҳәаланы Скорик абжьгарақәа ҟалҵеит:Асанитартә ҳақьым хада илҳәеит акоронавирус шықәымҵӡо, уи азы ауааԥсыра алаҵаҟаҵара шгәыгәҭармыжьша."Акоронавирустә инфекциа ҿыц ҳаԥсҭазаараҿ акраамҭа иаанхоит. Иара иацлалар ҟалоит аиммунитет анылаҟәуа. Убри азы алаҵаҟаҵара Аԥсны акәым адунеи зегьы аҿы иазгәаҭоу уснагӡаны иаанхоит", - ҳәа лҳәеит Скорик, ААЕ абри ишақәшаҳаҭу азгәаҭо.
https://sputnik-abkhazia.info/20220408/byba-covid-19-zmany-akhshtyra-iou-rkhykhaara-20-yk-ryna-youp-1038553911.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/03/1031763133_167:0:1500:1000_1920x0_80_0_0_e85262187e0e1074ed320e82a6d178fb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Скорик аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рыхәҭак аԥыхзарц ажәалагала ҟалҵеит
Мшаԥы 8 азы имҩаԥысит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара.
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥсны асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рыхәҭак аԥыхзарц ажәалагала ҟалҵеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿ, аепидемҭагылазаашьа шьақәтәо иахьалагаз азы.
"Ҳауаажәлар рыҩнуҵҟа ишьақәгылеит аколлективтә иммуннитет. Адунеи аҿы ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны Аԥсны ауааԥсыра атәыла анҭыҵ ахара ацара азԥхьагәарҭом. Аԥсныҟа иҭало ракәзар (амигрантцәа) ргәабзиара гәарҭоит. Уи азы COVID-19 ацәшәара ҳаракым", - лҳәеит лара.
Убри аан акурорттә аамҭа инадҳәаланы Скорик абжьгарақәа ҟалҵеит:
атуризм иадҳәалоу аргыларақәа рҿы асабрадақәа рныҟәгара, асоциалтә бжьаӡара, арзҩыдарақәа ирықәныҟәаларц;
атеатрқәеи акультуратә ԥсшьарҭатә ҭыԥқәеи ирҭаауа алаҵа шырзыҟаҵоу агәаҭара, асабрадақәа рныҟәгара;
ашколқәа рҿы аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа ршоура гәаҭалазарц аԥхаррақәа ҟалаанӡа, иара убас акласс уадақәа аԥша ҩнадырсларц.
Асанитартә ҳақьым хада илҳәеит акоронавирус шықәымҵӡо, уи азы ауааԥсыра алаҵаҟаҵара шгәыгәҭармыжьша.
"Акоронавирустә инфекциа ҿыц ҳаԥсҭазаараҿ акраамҭа иаанхоит. Иара иацлалар ҟалоит аиммунитет анылаҟәуа. Убри азы алаҵаҟаҵара Аԥсны акәым адунеи зегьы аҿы иазгәаҭоу уснагӡаны иаанхоит", - ҳәа лҳәеит Скорик, ААЕ абри ишақәшаҳаҭу азгәаҭо.