Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысыз алхрақәа актәи ртур аҿы Алан Гаглоев аԥыжәара имоуп

Аахыҵ Уаԥстәыла атәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 10 азы. Алхрақәа актәи ртур аҿы аԥыжәара роуит Анатоли Бибилови Алан Гаглоеви.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла АКХ адыррақәа рыла актәи атур аихшьаалақәа рыла Алан Гаглоев 36,9 процент абыжьқәа иоуны аԥыжәара имоуп. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов 33,5 процент алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит.
Бибилов иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла алхрақәа аҩбатәи ртур ҟалараны ишыҟоу
АКХ ахада Емилиа Гагиева илҳәеит алхрахь ишнеиз 28 976-ҩык - 74,26%.
Абыжьқәа абасеиԥш еихшеит:
Алан Гаглоев - 10 705 (36,9%)
Анатоли Бибилов - 9 706 (33,5%)
Александр Плиев - 3 434 (11,9%)
Гарри Мулдаров - 2 592 (8,9%)
Дмитри Тасоев - 822 (2,8%)
Акандидатцәа зегьы ирҿагыланы рыбжьы рҭиит 528-ҩык – 1,8 процент.
Алхыҩцәа рбыжьқәа реиҳара акандидатцәа аӡәгьы иахьимоуз азы аиҭалхарқәа мҩаԥгахоит. Аиҭалхар мҩаԥысуеит алхрақәа рылҵшәа анышьақәдыргыла ашьҭахь 15-мшы иахымгакәа.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа: иахьатәи ахада Анатоли Бибилов, апарламент адепутатцәа Гарри Мулдарови Александр Плиеви, апарламенттә партиа "Ныхас" ахантәаҩы Алан Гаглоев, уаанӡатәи адепутат Дмитри Тасоев.