Аԥсны

Акультура аминистрраҿы актиорцәа Балуеви Бельскаеи еицырзеиԥшу апроектқәа ирылацәажәеит

Аԥсны иааны иҟоуп урыстәылатәи актиорцәа Александр Балуеви Светлана Бельскаеи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсны еицнарыгӡарц зылшо апроектқәа ирылацәажәеит акультура аминистр Даур Ақаҩбеи асоветтәи урыстәылатәи атеатри, акинои, адублиажи рактиор, акинои атеатри ррежиссиор Александр Балуеви, актриса Сетлана Бельскаеи реиԥылараҟны. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа амаҵзура.

Ақаҩба урыстәылатәи актиор ҳтәыла дахьаҭаази акультура ахырхарҭаҟны аусеицура дахьазхиоу азы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Еицырдыруа актиор аминистр иахьидикылаз азы ҭабуп ҳәа иаҳәо иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.