Аԥсны

Аԥсны ААР иаахәоу аполитологцәа "персона нон грата" ҳәа рхырҵар ҟалоит

Аԥсны ААР аҿы ирҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитети ахьыԥшымреи аимак-аиҿак иамаҭәарны ҟалашьа амам.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ргәырҽанырҵоит ареспублика акәша-мыкәша иҽеим аинформациа алазырҵәо, ганкы иадгыланы ицәажәо аполитологцәа рганахьала "персона нон грата" амеханизм ахы иархәахар ҟалоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа амедиацентр.
Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа Аԥсны ахьыԥшымреи ахақәиҭреи гәрамгарыла ирыхцәажәо еиуеиԥшым аполитологцәа рцәажәара ишашьклаԥшуа.

"Аинтерес зманы иҟоу зегьы адырра раҳҭоит - Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа ауаҩытәыҩсатә, аиашьаратә ҟазшьақәа рымоуп, аиҭахәаԥшра аҭахны иҟаӡам", - аҳәоит Аԥсны ААР аҳәамҭа.

Адипломатцәа инаҵшьны иазгәарҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитети ахьыԥшымреи аимак-аиҿак иамаҭәарны ҟалашьа шамам, аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызгьы ацәажәара зҭахны иҟоу ракәым ҳәа.