АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Америка еиду аштатқәа европатәи атәылақәа урыстәылатәи анефҭи агази рҟынтә рхы иақәиҭыртәырц аусурақәа мҩаԥнагоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ЕАА амилаҭтә шәарҭадараз ахада иабжьгаҩ Џьеик Салливан иажәақәа ааго.
"Ҳара иалшо зегь ҟаҳҵоит Европа урыстәылатәи анефҭи агази рҟынтәи ахы иақәиҭаҳтәырц. Уаҵәы урҭ аус рыцаауеит абри ахырхарҭала", - иҳәеит Салливан CNN аефир аҿы.
Салливан иажәақәа рыла, америкатәи ахада ари азҵаараз европатәи аҳәынҭқаррақәа рхадацәа дрыҿцәажәахьеит.
Уаанӡа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Грушко иҳәахьан Урыстәылеи Европеи агаз аусхк аҟны русеицура Еиду аштатқәа рзгьы ихәарҭоуп ҳәа.
Грушко иажәақәа рыла, арҭ аизыҟазаашьақәа шықәсыла ишьақәгылон, уаанӡа аӡәгьы ихаҿы иааиуамызт урыстәылатәи агаз мап ацәгра азҵаара ақәыргылара. Уажәы европаа "аенергетикатә шантаж" дырцыхцыхуеит, аха уи аԥара ахшәаара зықәшәо ауааԥсыра ракәхоит.
Европатәи атәылақәа жәпакы ирҳәоит урыстәылатәи агаз шырҭаху.
Иаҳҳәап Венгриа агаз ахә мааҭла ашәара мап ацәнакуам ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа ирықәныҟәаны.
Егьырҭ атәылақәа, "Абыжьба ду" алахәылацәагьы налаҵаны, уи уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа еиланагоит ҳәа иршьоит, абылтәы азымхара шрықәыӷәӷәогьы.