Аекономикатә суверенитет рӷәӷәатәуп: Урыстәыла газла ахәаахәҭра аԥҟарақәа шьақәнаргылеит

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмурский газоперерабатывающий завод
Амурский газоперерабатывающий завод - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа алазгалаз атәылақәа рзы агаз ахәшәашьа аԥҟара ҿыцқәа амчра роуеит мшаԥы 1 инаркны.
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аусдҵа инапы аҵаиҩит аҳәаанырцәтәи аахәаҩцәа урыстәылатәи аган аҭиҩцәа рганахь ала рҭакԥхықәрақәа рзы.
Авиациатә усхк азы аилацәажәараҿы дықәгыло ахада иҳәеит атәыла иаҩызам егьырҭ аҳәынҭқаррақәа агаз ахә мааҭла ишыршәалаша атәы.

"Ҳара аконтрагентцәа ирыдаагалоит еилыккоу, имариоу ахсаала. Урыстәылатәи агаз аахәаразы дара урыстәылатәи абанкқәа рҿы аԥхьаӡамҭақәа аадыртыроуп. Урҭ рҟынтә агаз ахәшәара мҩаԥгахалоит мшаԥымза 1 инаркны", - иҳәеит Путин.

Убри аан иазгәеиҭеит, иҟоу аилаӡарақәа шаанкылахо амааҭ мап ацәкраан.
"Ҳара аӡәгьы хәыда-ԥсада акгьы ҳаиҭаӡом. Ҳаргьы иара убас акәхоит. Ари иаанаго аилаӡарақәа аанкылахоит ауп", - иҳәеит иара.
Газопровод высокого давления от Елабуги до Нижнекамска - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2022
Путин: иаҳҩызам атәылақәа агаз азы амааҭ ршәалоит
Уаанӡа абри атәы иҳәахьан Кремль ахаҭарнак Дмитри Песков: хәыда-ԥсада агаз аӡәгьы иоуам. Мааҭла ахә зымшәаз агаз иоуам ҳәа.
Владимир Путин хәажәкыра 23 азы алаҳәара ҟаиҵеит Евроеидгыла атәылақәа рзы аԥкрақәа шалагалахо, адоллари аеврои мап рыцәкны агаз ахәшәара амааҭ ахь ишиагахо. Аиҳабыра хәажәкыра 31 нӡа "Газпром" адиректорцәа рхеилак аҟны аԥсахрақәа рзы адҵа рыдкылара азгәаҭан.
Арӡынба: агаз мааҭла аахәаразы Урыстәыла Абанк хада аганахьала аԥкрақәа аԥыхтәуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Арадио
Арӡынба: агаз мааҭла аахәаразы Урыстәыла Абанк хада аганахьала аԥкрақәа аԥыхтәуп
Ажәабжьқәа зегьы
0