Аԥсны

Гагра араионтә еизарахь аиҭалхрақәа анымҩаԥысуа рылаҳәоуп

Аԥсны араионқәа рҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рдепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыманы иалырхуеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik. Гагратәи араионтә алхратә комиссиа алхырҭатә ҭыԥ хада № 17 (Цандрыԥшь) аҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит лаҵара 21 2022 шықәса ҳәа аанацҳауеит Гагра араион ахадара асаит.
Аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит адепутат Бадрик Ԥлиа Аԥсны Апарламент ахь депутатс дахьалху инадҳәаланы.
Аԥсны араионқәа рҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рдепутатцәа ралхра мҩаԥысит шықәсык аԥхьа мшаԥы 11 2021 шықәсазы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалеит Аԥсны Жәлар Реизарахь иалху 16-ҩык адепутатцәа
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рдепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыманы иалырхуеит.
"Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа" азакәан инақәыршәаны адепутат изинмчра аҿҳәара анҵәара жәымз шагу Аизара адепутатра далҵзар, иҭыԥаҿы аҽаӡә далырхуам.