Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

УА Харковтәи аобласт аҿы иҿыцӡоу атанкқәа урыстәылатәи аруаа ирырҭеит

Харковтәи аобласт аҿы урыстәылатәи аруаа рҿаԥхьа дҵаны иқәгылан аиланхарҭа ҭыԥқәа анапахь раагара, ар атәыла аладатәи ахәҭахьы рнеира аиҿкаара.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Украина Арбџьармчқәа Харковтәи аобласт аҿы иҿыцӡоу атанкқәа урыстәылатәи аруаа ирырҭеит ҳәа аҩуеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аиланхарҭа Топольское ахақәиҭтәраан атанкныҟәцаҩцәа атанкгәыцәқәа ҩадаҟа ирҩахеит, аӡәгьы дымхысит.
"Атанкқәа ҿыцын. Џьаԥҳаныла еиқәшәан. Зегь ргәы иахәон аибашьар ахьрықәымшәоз. Рыҽҳарҭеит. Иҳабашьырцгьы рҭахымхеит", - иҳәеит атанктә рота акомандаҟаҵаҩ Ҭимур.
Харковтәи аобласт аҿы урыстәылатәи аруаа рҿаԥхьа дҵаны иқәгылан аиланхарҭа ҭыԥқәа анапахь раагара, ар атәыла аладатәи ахәҭахьы рнеира аиҿкаара иҳәеиет иара.
Атәылахьчаратә усбарҭаҿы ирҳәеит аекипажқәа аибашьраан рхы ишадырхәо аԥсабаратә хыхьчарҭақәа.
Атанкқәа ацхыраара рзыҟарҵон амотохысцәа рыҟәшақәа БМП-2, БТР-82А рыла.