Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Урыстәылатәи аруаа украинатәи аҳаирпланқәа ҩба карыжьит

Украина арратә операциа иалагазар иҭархоуп аҳаирпланқәа 129, аверталиотқәа 99, азенит-ракетатә комплексқәа 243.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik. Изиум ақалақь иахьаҵанакуаз Урыстәылатәи аруаа украинатәи аҳаирпланқәа Су-25 ҩба карыжьит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Атәылахьчара аминистрра хаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
"Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Изиум ақалақь иахьаҵанакуаз Урыстәылатәи аруаа украинатәи аҳаирпланқәа Су-25 ҩба карыжьит. Урҭ рыдагьы иҭархоуп аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 3 Балаклеиа, Гулиаи поле, Волноваха иахьрыҵаркуа. Иара убасгьы иҭархоуп ахархәага "Валькирия" Николаевтәи аобласт аиланхарҭа Калининское аҿы ", – иҳәеит аинрал.
Иара иажәақәа рыла аиланхарҭа Посад-Покровское (Херсонтәи аобласт) аҿы икажьын украинатәи аверталиот Ми-24.
Урыстәыла аҳаир-космостә мчрақәа равиациа 78 арратә ргылара, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба, азенит-ракетатә комплекс С-300 арадиолокатор ааха арҭеит.
Арратә операциа иалагазар иҭархоуп: аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 441, атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи 2079, ареактивтә-систематә шьақәгылақәа 239, артиллериатәи аминаршәгатәи шьақәгылақәа 909, 2000 инареиҳаны арратә автомашьынатә техника.