Аҳаирпланқәа хԥа Шәача аҳаирбаӷәазаҿы изымтәеит амшцәгьа иахҟьаны

Мшаԥы 12 азы Шәача анапхгара акурорт аҵакыраҿы ақәа ӷәӷәа шлеиуа, аԥшаӷьы шыҟало рыларҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 12– Sputnik. Узбекистантәи ҩ-реиски Москвантәи реиски Шәача аҳаирбаӷәазаҿы амшцәгьа иахҟьаны изымтәеит, аҳаирпланқәа Аминералтә ӡқәа аеродром ахь идәықәҵан. Абри атәы аҩуеит РИА Новости ҟәыбантәи аҳаирбаӷәазақәа "Аэродинамика" аоператор иажәақәа шьаҭас иганы.

Ареисқәа хԥа ртәаразы аҳауатә ҭагылазаашьа еиӷьхаанӡа Аминерал ӡқәа аеродром ахь ицеит.

Уи адагьы, Шәача ақалақь анапхгара ишазгәарҭо ала, амшцәгьа иахҟьаны ақалақьтәии акоммуналтәии маҵзурақәа ҷыдала аус руеит.