Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара ахантәаҩы далхуп

Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәара мҩаԥысит мшаԥы 12 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 12- Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара ахантәаҩыс далхуп Лаша Ашәба.
Иара изы рыбжьы арҭеит аилатәара иалахәыз 33-ҩык адtпутатцәа зегьы.

"Исышәҭаз агәрагаразы иҭабуп, уи исыднаҵо аҭакԥхықәра ҳаракуп", - иҳәеит Ашәба.

Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны Жәлар Реизара ааԥхьара ҿыц реилатәара мҩаԥигоит иалху адепутатцәа иреиҳабу, абыжьбатәи ааԥхьараҿы уи Фазлыбеи Аҩӡба иакәын.
Иара иазгәеиҭеит апарламент ахь алхрақәа ҳаракыла еилагарада ишымҩаԥысыз.
"Ҳҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа рацәаӡоуп. Шәусқәа рҟны аманшәалара шәзеиӷьасшьоит. Афбатәи ааԥхьара адепутатцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит, хәышықәса ирылагӡаны ишәылшаз рацәоуп", - иҳәеит иара.
Ҿыц иалху адепутатцәа раԥхьатәи реилатәара иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла анапхгара, Аминистрцәа реилазаара, Аԥсны апрокурор хада, аӡбаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, Аԥсны абыргцәа рхеилак алахәылацәа, иара убас ааԥхьара змаз Аҳәынҭдума адепутат Константин Затулин.
Аилатәара аартын аҳәынҭқарратә гимн арҳәарала, уи ашьҭахь ажәа иҭан Аслан Бжьаниа.
Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьарахь иалху адепутатцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп уаанӡатәи ааԥхьараҿы депутатцәас иҟаз быжьҩык - Лаша Ашәба, Ҭемыр Беииа, Асҭамыр Аршба, Алхас Ҳагба, Левон Галустиан, Ашот Миносиан, Венори Бебиа.
Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәара иалахәын 33-ҩык адепутатцәа. Алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба - №8 (Алашарбагатәи) №18 (Гәдоуҭатәи) рҟны аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.