Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин: Украина аоперациа ҷыда амҩаԥгара - шьаҿа иашоуп

Урыстәыла Украина арартә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 12 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина аоперациа ҷыда амҩаԥгара – шьаҿа иашоуп, аҽа мҩак ыҟамызт ҳәа иҳәеит ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Иара иазгәеиҭеит урыстәылатәи афицарцәа ЛЖәРи ДЖәРи ацхыраара шрырҭо, фырхаҵарыла рхы шымҩаԥырго, алҵшәа аманы ҳаамҭазтәи абџьар рхы ишадырхәо.

"Ҳара иаадыруеит иахьа абџьар кны ҳафицарцәа аоперациа ҷыда ишалахәу, Донбасс ахы ишақәиҭыртәуа, ЛЖәРи ДЖәРи ацхыраара шрырҭо, фырхаҵарыла рхы шымҩаԥырго, алҵшәа аманы зеиԥш ыҟам ҳаамҭазтәи абџьар рхы ишадырхәо ", - иҳәеит иара акосмодром "Восточный" аҿы акосманавтцәа аҳамҭақәа рыҭараан.

Иара иҳәеит, Украина Урыстәыла иаҿагыло ҭыԥны аԥҵара ишалагаз, амилаҭеилыхцәа рааӡара ишалагаз.
Жәабран 24 азы Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа иҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәыла иаҳәеит ацхыраараз". Иара иҳәеит, Москва Украина абашьра агәы ишҭам, ирҭахыу абџьархыхра, Донбасс аҭынч уааԥсыра рганахь ала ашьа зымпыҵыкәкәо ацәгьоуцәа рус аӡбра шакәу.