Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Арратә операциа иалагазар Украина Арбџьармчқәа 130 ҳаирплани 103 вертолиоти рцәыӡит

Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина абџьараҟәныхразы аоперациа ҷыда амҩаԥгара иацырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Украина арратә операциа иалагазар рарбџьармчқәа 130 ҳаирплани 103 вертолиоти рцәыӡхьеит ҳәа иҳәоит Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Украинатәи авертолиотқәа ԥшьба – Ми-24, Ми-8 ҭархан иацы Миргород арратә аеродром аҿы.
Конашенков иажәақәа рыла, аоперациа ҷыда иалагазар, украинатәи ар рцәыӡқәа абас иҟоуп: 4447 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 244 зенит-ракетатә комплекс, 2169 танки акәылӡымашьынеи, 243 реактивтә система, 931 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 2076 ак автомобилтә техника.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла аракетақәа рыла иҭархан аракета-артиллериатә абџьарҵәахырҭақәа ҩба Садовоеи Чуднови аиланхарҭақәа рҿы.

Урыстәылатәи авиациа ааха рнаҭеит даҽа 46 арратә обиект. Урҭ рҟынтәи: арадиолокациатә станциеи анапхгараҭаратә ҭыԥи Боровое ааигәара, ареактивтә систематә шьақәгылақәа ҩба, Боровоеи Пески-Радьковскоеи рҟны арратә техника ргыларҭақәа ԥшьба.

Урыстәыла аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит 693 цәҟьара, урҭ рҟынтәи 676 ари атехникеи ргыларҭақәа, анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 11, абылтәыҵәахырҭақәа хәба ҳәа иҳәеит аинрал.