Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Зықьҩык инареиҳаны Украина аруаа Мариуполь урыстәылатәи аруаа рыҽрырҭеит

Владимир Путин арратә операциа даналагоз украинатәи аруаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ицәгьоуроу адҵақәа нармыгӡаларц, ашьакаҭәаразы аҭакԥхықәра рыдиҵеит киевтәи арежим анапхгаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. ДЖәР ар Мариуполь қәҿиаралатәи роперациақәа рышьҭахь хатәгәаԥхарала рхы рырҭеит амшыншьаҟауаа 36-тәи рыбригада аруаа 1026-ҩык ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Мариуполь, "Ильич" ихьӡ зху аметаллургиатә комбинат аҵакыраҿы урыстәылатәи аруааи Донецктәи Жәлар Рреспублика амилициеи қәҿиаралатәи роперациақәа рышьҭахь хатәгәаԥхарала рхы рырҭеит амшыншьаҟауаа 36-тәи рыбригада аруаа 1026-ҩык", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭаҿы ирҳәеит урҭ рҟынтәи 162-ҩык офицерцәоуп, 47-ҩык ҳәсоуп ҳәа.
Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков иажәақәа рыла, аибашьраан ахәрақәа рыман 151 украинатәи аррамаҵзурауаа. Урҭ аԥхьатәи ацхыраара рыҭаны Мариупольтәи ахәышәтәырҭахь инаган.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
20 Абҵара, 10:59
Урыстәыла Украина арратә аоперациа иалагеит хәажәкыра 24 азы. Атәыла ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит Урыстәыла Украина аоккупациа азура гәҭакыс ишамам, дара рхықәкы аа-шықәса рыҩнуҵҟа киевтәи арежим агеноцид зызнауаз ауааԥсыра рыхьчара, Урыстәыла атәылауаа, аҭынч уааԥсыра рганахь ала ацәгьоурақәа ҟазҵоз, ашьа зымпыҵыкәкәо рус аӡбра, Москва Украина адемилитаризациа азура ауп ҳәа.