Аангыларҭа "Гагрыԥшь": аихамҩатә платформа аҭоурых

Аангыларҭатә ҭыԥ "Гагрыԥшь" акурорттә қалақь Гагра аҟны иаартын 1943 шықәсазы.
Sputnik
Акурорттә қалақь аҟны иҟаз аангыларҭақәа ирхадан ари аанҿасырҭа, раԥхьа хьӡыс иаман "Гагра-Апассаџьыртә". Араҟа иаангылон Адлер-Аҟәа амаршрут ала ибжьаз адәыӷбақәа зегьы.
50-тәи ашықәсқәа рзы Гагра ҿыц авокзал анаадырт ашьҭахь, "Гагра-Апассаџьыртә" иамаз ахыԥша ацәыӡит, ииаргеит азеиԥш аангыларҭатә ҭыԥ ахь.
"Гагрыԥшь" ахьӡ ҩынтә иԥсахын. 70-тәи ашықәсқәа аангыларҭа "Гагра-Апавильон" ҳәа ахьӡын. Уажәтәи ахьӡ ахҵан 90-тәи ашықәсқәа рзы. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь аангыларҭа гәыгәҭыжьхеит. Хәыҷы-хәыҷла аҭыӡқәеи агәашьақәеи аилаҳара иалагеит.
Иахьа "Гагрыԥшь" апассаџьырцәа рыдкылареи рдәықәҵареи рзы иаркуп. 2022 шықәса алагамҭазы "Аԥсныеихамҩа" аангыларҭа "Гагрыԥшь" аиҭашьақәыргылара ахахьы иагеит.
1 / 13

"Гагрыԥшь" – акурорттә қалақь Гагра иҟоу "Аԥсны аихамҩа" иатәу аангыларҭоуп.

2 / 13

Иара аартын иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа раан.

3 / 13

Усҟан иара иахьӡын "Гагра-Апассаџьыртә".

4 / 13

Раԥхьаӡа иара акурорттә қалақь аҟны апассаџьырцәа ирызкыз станциа хадан.

5 / 13

Аха Гагра ҿыц аҟны аихамҩатә вокзал анаадырт ашьҭахь астанциа "Гагра-Апассаџьыртә" астатус ацәыӡит.

6 / 13

Иара аангыларҭа маҷ "Гагра" ҳәа ирыԥсахит.

7 / 13

1970-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа инаркны уи ахьӡ рыԥсахит "Гагра-Апавильон" ҳәа.

8 / 13

1990-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы акәзар, уи ҩаԥхьа ахьӡ ҿыц аиуит - "Гагрыԥшь".

9 / 13

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь астанциа "Гагрыԥшь", егьырҭ аихамҩатә вокзалқәеи аангыларҭа маҷқәеи реиԥш, еилаҳауа иалагеит.

10 / 13

Аплатформаҿы апассаџьырцәа рыдкылареи рдәықәҵареи алшом.

11 / 13

Убла хызкуа, аха аужәра зхыло архитектура ԥшӡа атуристцәа азҿлымҳауп, арахь патреҭҭыхра иааиуеит.

12 / 13

2022 шықәса алагамҭазы "Аԥсны аихамҩаҿы" аҳәамҭа ҟарҵеит "Гагрыԥшь" атуристцәа аднакыло иҟаларц азы аусурақәа ирылагарц ргәы ишҭоу.

13 / 13

Уажәы уа агәамсам ықәыргоит, аужәра рхы, арыцқьарақәа ирҿуп. Уи зегьы аҭыԥ иқәҵаны наҟ-наҟ аиҭашьақәыргылара алыршаразы иазыҟарҵоит.