https://sputnik-abkhazia.info/20220414/1038633354.html
Аангыларҭа "Гагрыԥшь": аихамҩатә платформа аҭоурых
Аангыларҭа "Гагрыԥшь": аихамҩатә платформа аҭоурых
Sputnik Аҧсны
Аангыларҭатә ҭыԥ "Гагрыԥшь" акурорттә қалақь Гагра аҟны иаартын 1943 шықәсазы. 14.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-14T11:52+0300
2022-04-14T11:52+0300
2022-04-14T11:56+0300
аԥсны
аԥсшьара
гагра араион
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/0d/1038633380_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_fed05073f4fd3276d369cb7279be9c92.jpg
Акурорттә қалақь аҟны иҟаз аангыларҭақәа ирхадан ари аанҿасырҭа, раԥхьа хьӡыс иаман "Гагра-Апассаџьыртә". Араҟа иаангылон Адлер-Аҟәа амаршрут ала ибжьаз адәыӷбақәа зегьы.50-тәи ашықәсқәа рзы Гагра ҿыц авокзал анаадырт ашьҭахь, "Гагра-Апассаџьыртә" иамаз ахыԥша ацәыӡит, ииаргеит азеиԥш аангыларҭатә ҭыԥ ахь."Гагрыԥшь" ахьӡ ҩынтә иԥсахын. 70-тәи ашықәсқәа аангыларҭа "Гагра-Апавильон" ҳәа ахьӡын. Уажәтәи ахьӡ ахҵан 90-тәи ашықәсқәа рзы. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь аангыларҭа гәыгәҭыжьхеит. Хәыҷы-хәыҷла аҭыӡқәеи агәашьақәеи аилаҳара иалагеит.Иахьа "Гагрыԥшь" апассаџьырцәа рыдкылареи рдәықәҵареи рзы иаркуп. 2022 шықәса алагамҭазы "Аԥсныеихамҩа" аангыларҭа "Гагрыԥшь" аиҭашьақәыргылара ахахьы иагеит.
гагра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/0d/1038633380_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_707e46f0871dbd80d61820792fdf833c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, аԥсны, аԥсшьара, гагра араион, афотосахьақәа
фото, аԥсны, аԥсшьара, гагра араион, афотосахьақәа
Аангыларҭа "Гагрыԥшь": аихамҩатә платформа аҭоурых
11:52 14.04.2022 (ирҿыцуп: 11:56 14.04.2022) Аангыларҭатә ҭыԥ "Гагрыԥшь" акурорттә қалақь Гагра аҟны иаартын 1943 шықәсазы.
Акурорттә қалақь аҟны иҟаз аангыларҭақәа ирхадан ари аанҿасырҭа, раԥхьа хьӡыс иаман "Гагра-Апассаџьыртә". Араҟа иаангылон Адлер-Аҟәа амаршрут ала ибжьаз адәыӷбақәа зегьы.
50-тәи ашықәсқәа рзы Гагра ҿыц авокзал анаадырт ашьҭахь, "Гагра-Апассаџьыртә" иамаз ахыԥша ацәыӡит, ииаргеит азеиԥш аангыларҭатә ҭыԥ ахь.
"Гагрыԥшь" ахьӡ ҩынтә иԥсахын. 70-тәи ашықәсқәа аангыларҭа "Гагра-Апавильон" ҳәа ахьӡын. Уажәтәи ахьӡ ахҵан 90-тәи ашықәсқәа рзы. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь аангыларҭа гәыгәҭыжьхеит. Хәыҷы-хәыҷла аҭыӡқәеи агәашьақәеи аилаҳара иалагеит.
Иахьа "Гагрыԥшь" апассаџьырцәа рыдкылареи рдәықәҵареи рзы иаркуп. 2022 шықәса алагамҭазы "Аԥсныеихамҩа" аангыларҭа "Гагрыԥшь" аиҭашьақәыргылара ахахьы иагеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук"Гагрыԥшь" – акурорттә қалақь Гагра иҟоу "Аԥсны аихамҩа" иатәу аангыларҭоуп.
"Гагрыԥшь" – акурорттә қалақь Гагра иҟоу "Аԥсны аихамҩа" иатәу аангыларҭоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукИара аартын иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа раан.
Иара аартын иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа раан.
© Sputnik / Томас ТхайцукУсҟан иара иахьӡын "Гагра-Апассаџьыртә".
Усҟан иара иахьӡын "Гагра-Апассаџьыртә".
© Sputnik / Томас ТхайцукРаԥхьаӡа иара акурорттә қалақь аҟны апассаџьырцәа ирызкыз станциа хадан.
Раԥхьаӡа иара акурорттә қалақь аҟны апассаџьырцәа ирызкыз станциа хадан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАха Гагра ҿыц аҟны аихамҩатә вокзал анаадырт ашьҭахь астанциа "Гагра-Апассаџьыртә" астатус ацәыӡит.
Аха Гагра ҿыц аҟны аихамҩатә вокзал анаадырт ашьҭахь астанциа "Гагра-Апассаџьыртә" астатус ацәыӡит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иара аангыларҭа маҷ "Гагра" ҳәа ирыԥсахит.
Иара аангыларҭа маҷ "Гагра" ҳәа ирыԥсахит.
© Sputnik / Томас Тхайцук1970-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа инаркны уи ахьӡ рыԥсахит "Гагра-Апавильон" ҳәа.
1970-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа инаркны уи ахьӡ рыԥсахит "Гагра-Апавильон" ҳәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук 1990-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы акәзар, уи ҩаԥхьа ахьӡ ҿыц аиуит - "Гагрыԥшь".
1990-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы акәзар, уи ҩаԥхьа ахьӡ ҿыц аиуит - "Гагрыԥшь".
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь астанциа "Гагрыԥшь", егьырҭ аихамҩатә вокзалқәеи аангыларҭа маҷқәеи реиԥш, еилаҳауа иалагеит.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь астанциа "Гагрыԥшь", егьырҭ аихамҩатә вокзалқәеи аангыларҭа маҷқәеи реиԥш, еилаҳауа иалагеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАплатформаҿы апассаџьырцәа рыдкылареи рдәықәҵареи алшом.
Аплатформаҿы апассаџьырцәа рыдкылареи рдәықәҵареи алшом.
© Sputnik / Томас ТхайцукУбла хызкуа, аха аужәра зхыло архитектура ԥшӡа атуристцәа азҿлымҳауп, арахь патреҭҭыхра иааиуеит.
Убла хызкуа, аха аужәра зхыло архитектура ԥшӡа атуристцәа азҿлымҳауп, арахь патреҭҭыхра иааиуеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук 2022 шықәса алагамҭазы "Аԥсны аихамҩаҿы" аҳәамҭа ҟарҵеит "Гагрыԥшь" атуристцәа аднакыло иҟаларц азы аусурақәа ирылагарц ргәы ишҭоу.
2022 шықәса алагамҭазы "Аԥсны аихамҩаҿы" аҳәамҭа ҟарҵеит "Гагрыԥшь" атуристцәа аднакыло иҟаларц азы аусурақәа ирылагарц ргәы ишҭоу.
© Sputnik / Томас ТхайцукУажәы уа агәамсам ықәыргоит, аужәра рхы, арыцқьарақәа ирҿуп. Уи зегьы аҭыԥ иқәҵаны наҟ-наҟ аиҭашьақәыргылара алыршаразы иазыҟарҵоит.
Уажәы уа агәамсам ықәыргоит, аужәра рхы, арыцқьарақәа ирҿуп. Уи зегьы аҭыԥ иқәҵаны наҟ-наҟ аиҭашьақәыргылара алыршаразы иазыҟарҵоит.