Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

130-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа Мариуполь рабџьар шьҭарҵеит

Мариуполь урыстәылатәи ари ДЖәР ари хәажәкыра 7 раахыс иакәшаны иркуп. Ақалақь аиҳарак рнапахьы иааргахьеит. Зықьҩык иреиҳаны украинатәи аруаа рхала аурысцәа рыҽрырҭахьеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik. Мариуполь ақалақь ахақәиҭтәраан 134 украинатәи аруаа хатәгәаԥхарала абџьар шьҭарҵеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

Аусбарҭа адыррала, 14-ҩык фицарцәоуп. Зынӡа уахыки-ҽнаки рыла абџьар шьҭарҵеит 1160-ҩык аруаа 36-тәи амшыншьаҟауаа рыбригадаҟынтә. Урҭ рҟынтәи 176–ҩык афицарцәоуп.

Аминистрра аҳәамҭала, мшаԥы 13 - 14 рзы Украина арратә ргыларақәа 12 ааха рыҭан, аракета-артиллериатә бџьаршьҭаҵарҭақәа ҩба Великаиа Михаиловкеи Богатыри рҟны, икажьын аҳаирплан МиГ-29, авертолиот Ми-8, аԥырҩы дызҭам ахархәага "Байрактар ТБ-2" аеродром "Днепр" аҿы.
Уи адагьы авиациа уахык ала иҭадырхеит 48 арратә ргылара аобиектқәа, аракета-артиллериатә бџьаршьҭаҵарҭақәа фба назлоу. Аракетатә ари артиллериеи иҭадырхеит 770 обиект: анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 9, агыларҭақәа 101, ар ргыларҭақәа 548, 110 артиллериаргыларҭеи, азенит-ракетатә комплекс С-300, аџьаԥҳаныҵәахырҭа.
Урыстәыла Украина арратә аоперациа иалагеит хәажәкыра 24 рзы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Украина арратә инфраструктура ҭадырхоит. Атәыла ахада Владимир Путин Украина аруаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит киевтәи арежим адҵақәа нармыгӡаларц.