Аԥсны

Аибашьраан иӷьычыз Миха Лакрба Адраматә театр иеиҭахьаз аҳамҭа ырхынҳәуп

Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба Аԥсуа драматә театр иеиҭахьаз авазақәа ҩба 1992-1993 шықәсқәа раантәи аибашьраан иӷьычын.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр иаздырхынҳәит аԥсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба атеатр ҳамҭас иеиҭаз авазақәа руак ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор хада Алхас Ҷолокәуа.

"Аваза ахә ҳаракуп, еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба адраматә театр иахьеиҭаз азы. Иара ихаҭа атеатр ашьаҭаркыҩцәа дреиуоуп, уи аԥҵара аус иџьабаа ду адуп. Иуҳәар ауеит аваза атеатр азы италисмануп ҳәа", – иҳәеит иара.

Аԥхьанатә авазақәа ҩба ыҟан, аха 1992-1993 шықәсқәа раантәи аибашьраан иӷьычын.
"Аибашьра ашьҭахь ҳтәылауаҩык зшьапы ԥҵәаз, зеиҭашьақәыргылара аҭахыз аваза иԥшааит. Акраамҭа ара иаҳзышьҭан. Уажәааигәа атеатр анапхгара иара еиҭашьақәыргылатәны иазырԥхьаӡеит. Аԥхьатәи аԥшра аиҭашьақәыргыларазы макьаназ акраҭахуп, аха уи нас ҳазхәыцып", - иҳәеит Алхас Ҷолокәуа.
1 / 5

Аибашьраан иӷьычыз Миха Лакрба Адраматә театр иеиҭахьаз аҳамҭа ырхынҳәуп

2 / 5

Аибашьраан иӷьычыз Миха Лакрба Адраматә театр иеиҭахьаз аҳамҭа ырхынҳәуп

3 / 5

Аибашьраан иӷьычыз Миха Лакрба Адраматә театр иеиҭахьаз аҳамҭа ырхынҳәуп

4 / 5

Аибашьраан иӷьычыз Миха Лакрба Адраматә театр иеиҭахьаз аҳамҭа ырхынҳәуп

5 / 5

Аибашьраан иӷьычыз Миха Лакрба Адраматә театр иеиҭахьаз аҳамҭа ырхынҳәуп

Аваза еиҭашьақәыргыланы атеатр ахь ирыҭан мшаԥы 14 рзы. Аваза уаанӡатәи аҭыԥ ахь инаган иқәыргылан.
Аҩбатәи аваза макьаназ иԥшаам.
Аламыс азышәаҳәаҩ: Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса ҵит