АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik. Амшынцәқәырԥара ӷәӷәа аихамҩахәҭа "Гагра-Цандрыԥшь" аҟәаратә ҵаргәа ааха анаҭеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныеихамҩа".
АУН аремонттә бригадақәа аԥхасҭеи ашәарҭарақәеи ахәшьара арҭеит.
Уаанӡатәи адыррала, акурорттә сезон аламҭалаз иазԥхьагәаҭоуп аихамҩатә станциа "Гагрыԥшь" апассаџьырцәа рыдкыларазы азырхиара.
2022 шықәсазы Аԥсны аихамҩатә еидарамҩангарақәа хынтә еиҳахеит 2021 шықәсазы аасҭа.