АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik. 2022 шықәса мшаԥы 1 азтәи арбагала Аԥсны аусура зылшо аӡәы ихныҟәгаразы хымԥада иҭахуп 9 137,6 мааҭ, аанацҳауеит атәыла аҳәынҭстатистика.
Арбагақәа рахь иаҵанакуеит:
афатә ахә - 6250 мааҭ,
афатәаалыҵ иаҵанамкуа атауар ахә – 1791 мааҭ,
зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа рыхә – 1069,5 мааҭ.
Ахархәаратә хәԥсақәеи, атауарқәеи, амаҵзурақәеи, атарифқәеи риндекс 2022 шықәса иалагазар 104,0% итәоит:
афатәаалыҵ – 106,8%,
афатәаалыҵ иаҵанамкуа атауарқәа – 109,5%,
ауааԥсыра зыхә ршәо амаҵзурақәа – 100,5%.
Аԥсны аусура зылшо аӡәы ихныҟәгаразы хәажәкыра 1 азы иартәон 8529,2 мааҭ.