Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Бриансктәи аобласт Украина арбџьармчқәа аналахысуаз аҭынч уааԥсыра аахақәа роуит

Бриансктәи аобласт аҿы атеррористтә шәарҭара аԥшшә ҩежь аҭоуп, Украина арбџьармчқәа (УАМ) рганахьала апровокациақәа ирхырҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Бриансктәи аобласт аиланхарҭа Климово аҿы аҭынч уааԥсыра УАМ анрылахысуаз аахақәа роуит ҳәа аанацҳауеит аобласт агубернатор Александр Богомаз иофициалтә аккаунт.

"Аиланхарҭа алахысраан аҩнқәа ҩба ааха роуит, ауааԥсыра рыгәҭагьы иҟоуп ааха змоу. Аҭыԥ аҿы амаҵзура ҷыдақәа аус руеит, амедицинатә цхыраара зҭаху ирырҭоит", - ҳәа иҩуеит агубернатор.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, ааха зауз быжьҩык ахәшәтәырҭахь инагоуп, ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Абри инадҳәаланы, аҳәаа иаԥну араионқәа рҿы ашколқәа адистанциатә ҵарахь ииагоуп.
Уаанӡа адырра ҟаҵан Украина аганахьынтә аминаршәгақәа рыла автомобилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Новые Юрковичи" иеихсит, ҩ-машьынак ааха рыҭоуп ҳәа. Ауааԥсыра акгьы рмыхьит.