Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Украина арратә ргыларақәа 200 инареиҳаны ицҟьашәҟьа иқәырҵеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аоперациа ҷыда амҩаԥгараан аӷа ирратә хыбрақәеи ирратә техникеи роуп ааха знаҭо.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа аракетатә ари артиллериеи украинатәи 217 арратә хыбрақәа ицҟьашәҟьа иқәырҵеит, абри атәы иҳәеит Урыстәыла Атәылахьчарра аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал- маиор Игор Конашенков.
Ицҟьашәҟьа иргаз рыбжьара иҟоуп украинатәи архәҭақәа рнапхгараҭаратә ҭыԥқәа 15, иара убас ахырӷәӷәарҭақәа 201 ҳәа азгәеиҭеит аинрал.
Иацтәи амш иалагӡаны урыстәылатәи авиациа украинатәи арратә хыбрақәа даҽа фба ҟәыбаса иқәырҵеит. Иҳаракны икылкаан ихысуа аракетала аӷа ирратә ргыларақәа 10 ықәхын.
Арратә операциа иалагазар Урыстәылатәи Афедерациа адыррақәа рыла Украина Арбџьармчқәа рцәыӡқәа иреиуоуп: 132 ҳаирыплан, 105 верталиот, 457 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 245 зенит-ракетатә комплекс, 2 224 танки акәылӡымашьынеи, 251 реактивтә система, 971 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 2 123 ак автомобилтә техника.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Афедерациа ахеилак аҿы ирҳәеит хара имгакәа Украина арратә операциа шхыркәшахо