Анышә самардаанӡагьы абра сынхоит: зҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәыз Ҳаири Қәҭарба изкны

Мшаԥымза 10 рзы диит ҳьынџьуаҩ, аԥсуа шәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Ҳаири Қәҭарба. Уи диҿцәажәеит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Sputnik
Иахьа ҳаԥсуа доуҳатә культура даара идырбеиеит Ҭырқәтәыла инхоз, иахьагьы инхо ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Ахааназ ҳгәаҿы дынхеит Аԥсны Дырмит Гәлиа дышҳазкашәаз еиԥш, Ҭырқәтәыла инхо ҳаԥсуаа ирызкашәаз апоет, аҵарауаҩ Омар Беигәаа. Уи ижәла икеиԥсаз аҿа ахылҵит, иит абаҩхатәра бзиа змаз ашәҟәыҩҩцәа - Маҳаинур Папаԥҳа, Шьинаси Ҭраԥшь, Абыӷба Џьамал, Ҳаири Қәҭарба. Иҟалап, сара исзымдыруа иҵегь ыҟазаргьы, сара издыруа Аԥсны зҩымҭақәа ҭыҵхьоу шәоуп. Аха уаанӡа, раԥхьа сазааҭгылар сҭахуп Ҳаири, уара унысымҩа, иахьатәи ҳбызшәала иуҳәозар, уавтобиографиа!

Ҳаири Қәҭарба инысымҩеи ирҿиареи

Қәҭарба Ҳаири Ҳаиаҭи-иԥа (Ҳаири Ерсои) диит мшаԥы 10 1959 шықәсазы Ҭырқәтәыла Диузџье, Акчокоџьа араион Есма-Ҳаным ақыҭан. Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа дреиуаны зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз шәҟәыҩҩуп, ҭоурыхдырҩуп, еиҭагаҩуп, публициступ. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла далоуп (2007). Аԥсшәа даараӡа ибзианы идыруеит, ихатәы бызшәала даԥхьоит, дыҩуеит, асахьаркыратә ҩымҭақәа аԥиҵоит ҭырқәшәала.
1966 шықәсазы иқыҭа гәакьаҿы алагарҭатә школ дҭалеит, анаҩс Диузџьеҟа диасит, уа абжьаратә школ далгеит 1975 шықәсазы. Анаҩс 1976 шықәсазы дҭалеит Анкаратәи амедицинатә институт (Ҳаџьеԥ-ҭеԥе), аха, хара имгакәа, 1978 шықәсазы Сҭампылтәи ауниверситет анџьныр-ргыларатә факультет дҭалоит.
Аԥсныҟа даныхынҳә, аус иуан ателехәаԥшратә канал "Абаза ТВ" аҟны, аԥсышәала имҩаԥигон ателедырраҭарақәа рцикл "Ҳара ҳдиаспора".
Ҳаири Қәҭарба данхәыҷыз инаркны афольклор дазҿлымҳан, убасҟан жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа рышьаҭала ажәабжь кьаҿқәеи алакәқәеи иҩуа далагеит. Дышнеи-шнеиуаз истатиақәеи иажәабжьқәеи икьыҧхьуан кавказаа рхылҵшьҭрақәа иртәыз апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны ("Нхыҵ Кавказ" уҳәа егьырҭгьы); аԥсуа-адыгеи Кавказ егьырҭ ажәларқәеи рҭоурых иазкны аҭоурыхтә усумҭақәа ҭижьуан (иаагозар, "Ачерқьесқәа рҭоурых", Сҭампыл, 1992; еицырҩит Аисун Қамаџьи иареи).
Арадио
Ҳаири Қәҭарба: аԥсадгьыл аҟны анхара даҽа гьамак аҵоуп
Ҳаири Қәҭарба Ҭырқәтәыла ауасхыр шьҭеиҵеит ажурнал "Алашара". 1990 шықәсазы иҩызцәа ицырхырааны еиҿикааит ашәҟәҭыжьырҭа "Нарҭ", уа иҭрыжьуан аԥсуа-адыга жәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рлитературеи ирызкыз аҭҵаамҭақәа, ашьхарыуа диаспора ахаҭарнакцәа рсахьаркыратә ҩымҭақәа. Урҭ иреиуоуп: С. Е. Берзеџь ишәҟәы "Ҭырқәтәыла ахақәиҭратә еибашьраҿы ачерқьес хҵәацәа", Иашар Бага (Ҳаҭҟо) иажәеинраалақәа реизга "Аччаԥшь", М. Кандур ироман "Кавказ. 1-тәи атом. Ачечен аҳәақәа", Оздемир Озбаи ишәҟәы "Кавказаа" рхылҵшьҭра еиуоу Анатолиатәи иажәабжьқәа", Шевалие Теитбоут де Марини "Амҩантәи ианҵамҭақәа" аҭырқәшәахь аиҭага уҳәа егьырҭгьы. Араҟа Ҳаири Қәҭарба еиқәиршәеит егьҭижьит ашәҟәы "Ачерқьесқәа рбызшәа, рлитература, рҭоурых". Иҭижьит иара убас ихаҭа аҭырқәшәахь еиҭеигаз Б. Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах", Гьаргь Амҷба ишәҟәы "Абжьарашәышықәсақәа раантәи аԥсуааи алазқәеи", Иура Аргәын ишәҟәы "Аԥсуаа рыԥсҭазаареи рыбзазареи" (еицеиҭаргеит Иалчын Карадашьи иареи). Зынӡа 44 шәҟәы ҭижьит. Аха 1991 шықәсазы аҭыжьырҭа "Нарҭ" адыркит. Ҩышықәса рышьҭахь Иунал Џьуџьуи иареи ҩаԥхьа иаадыртит аҭыжьырҭа "Нарҭ". 1998 шықәсазы аҭыжьра хациркит ажурнал "Алашара" (зынӡа 13 номер ҭыҵит).
1990-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны Ҳаири Қәҭарба еиҳа дазхьаԥшуа далагеит алитературатә рҿиара. Аинтернет иҭагалоу аиҿцәажәарақәа руак (апрель, 2007 ш.) аҿы апроза иаҵанакуа аепикатә жанр иазхьаԥшра иазкны иазгәеиҭеит: "Аԥхьаӡа иргыланы, сара сышәҟәыҩҩхап ҳәа сашьҭамызт… Аԥхьа изҩыз сышәҟәқәа аҭоурых иазкын. Урҭ рҟны сҽазысшәон ҳкультура ахҭысқәеи афакҭқәеи рышьақәыргылара, ҳкультура аԥшӡареи абеиареи раарԥшра. Аха аҭоурыхтә усумҭақәа инарҭбааны изрылаҵәом. Убри аҟнытә, сышнеи-шнеиуаз аҭоурыхтә роман ажанр сазкылсит. Ҩ-романк ҭсыжьхьеит, даҽа ҩба аҭыжьра иазсырхиоит. Тема хадас ирымоу – адыгааи аԥсуааи рхырҵәара ауп". (www.natpress.ru/idex.php?newsid=2653).
Абраҟа ашәҟәыҩҩы игәаанагара иҳәеит Ҭырқәтәылан ижәлари ихатәы бызшәеи рлахьынҵа иазкны: "Уаҩык иаҳасабала сара сгәы иҵымхар ауамызт Ҭырқәтәылан инхо сџьынџьуаа ассимилиациа иахьамҽханакуа, рхатәы бызшәеи ркультуреи ахьырцәыӡуа. Иубарҭан Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарратә идеологиа уи ишацхраауаз, иара убас аҭоурых еицазкуа, аиаша аҳәара аԥшьызго иаазмырбуа аполитикатә системагьы". Уи иажәақәа рыла, абызшәа ацәыӡра амилаҭ хдырра ацәыӡра ашҟа икылнагар ауеит.
Ҳаири Қәҭарба машәыршақә акәым аҭоурыхтә проза дзазхьаԥшыз, Кавказтәи аибашьра иахҟьаны XIX ашәышықәсаз ҳажәлар рҭоурых аҟны аҭыԥ змаз атрагедиатә хҭысқәа рпроблемақәа рыла. Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны иҟоу егьырҭ ашьхарыуа диаспорақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы реиԥш еиликаауан атрагедиа ахыҵхырҭақәа XIX ашәышықәса ашҟа ушиарго, насгьы ашәҟәыҩҩы уаанӡа инапы злакыз аҭҵааратәи аиҭагаратәи усура акырӡа ицхрааит аҭоурыхтә ҩымҭақәа раԥҵараан. Араҟа иазгәаҭазар ауеит Баграт Шьынқәба, иара убас адиаспора иаҵанакуа егьырҭ ачерқьес шәҟәыҩҩцәа Кавказтәи аибашьра иазкны иаԥырҵахьаз аҩымҭақәа.
2005 шықәса рзы иҭыҵит раԥхьатәи ироман "Ахырҵәара", 2006 шықәсазы – аҩбатәи ашәҟәы. Ароман аԥхьатәи ахәҭа аԥсшәахь еиҭеигеит Оқҭаи Чкотуа (зыԥсадгьыл аҟны инхо Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак), иагькьыԥхьын 2009 шықәса рзы ажурнал "Алашара" аҟны, ҩ-хәҭак аманы хазы шәҟәны иҭыжьын 2011 ш. Аԥсныҳәыншәҟәҭыжьырҭа аҟны. Ароман аҟны автор иааирԥшуеит XIX ашәышықәсазы Кавказтәи аибашьра иахҟьаны Ҭырқәтәылаҟа иахгаз аԥсуаа ртрагедиа, атәым жәҩан аҵаҟа рыԥсҭазаашьа, ианыԥшуеит аԥсуаа рыбзазара, рҵас-рқьабз, ртрагедиа. Аҩымҭаҿы раԥхьаӡа акәны ахҭысқәа аарԥшуп Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак иблала.

Аиҿцәажәара

- Ҳаири, сара исҭахуп ҳаԥхьаҩцәа ирзеиҭоуҳәарц уара Аԥсныҟа уаара шыҟалаз, раԥхьаӡа уабдуцәа рыдгьыл ушьапы шықәургылаз. Иарбан мчу арахь иухоз?! Сара издыруеит иааз аԥсуаа рҟынтәи ԥыҭҩык еиҭах уахь ишыхынҳәыз, аха уара уи аҩыза анцәа иҟынтә угәгьы-ухгьы иҭамшәеит, ара ауадаҩра дуқәа ушрықәшәахьоугьы… Иахьа уара Гәылрыԥшь унхоит, унапала ҩ-еихагылак иҟоу уҩны ургылеит… Уи еиҳау насыԥ ыҟамзар ҟалап, уанхәыҷӡаз аахыс узеиԥхыӡуаз, ушьа иалаз уԥсадгьыл гәакьаҿ уааны, унапала ухатәы ҩны аргылара?!
- Анатоли, уара ибзиан ишудыруа еиԥш, сара Ҭырқәтәылантәи сааижьҭеи акыр ҵуеит. Уа саныҟаз, уатәи акультуратә ԥсҭазаара даара ибзиан салахәын, избон, срыԥхьон аԥсуа шьа злаз иаарҩуаз, иҟарҵоз зегьы.. Уажәы, ишубо еиԥш, сыԥсадгьыл ахь сааижьҭеи, уи аҩыза аимадарақәа ҳамам, аха зегь акоуп ҳахьыҟазаалакгьы гәыла ҳаицуп!..
Аԥсны санааи, "Абаза- ТВ" аҿы аусура ансыдыргала, сара исгәаԥханы сақәшаҳаҭхеит. Избанзар, сара издыруеит уа иҟоу ҳажәларгьы, ара инхогьы, ргәы шеизыбылуа, хәшәыс ирҭаху, ирыхәо ажәа ԥха шакәу. Насгьы, сара уа Ҭырқәтәыла даара акыр сныҟәахьеит, ҳажәлар ахьынхо аҭыԥқәа рацәаны снеихьеит, рхьаа сабылхьеит, избанзар уи саргьы исхьаауп... Сара убас исыԥхьаӡоит, аԥсуа иԥсадгьыл ахь ишьа аниԥхьа, данамыртәа, уа егьа ицәыӡуазаргьы, даароуп, избанзар, ара иԥсадгьыл, иабдуцәа ахьықәҵыз аҭыԥ ԥшьа изыԥшуп алақәа ҭраа, уи зегьы иреиҳауп, амчгьы ӷәӷәоуп... Ҳара милаҭк раҳасабала ҳаныӷәӷәаха, ҳаԥсадгьыл аҿы џьарак ҳаидкылан ҳаныҟоу ауп... Уи дасу иара ихазы иӡбароуп, иара ихазы еиликаароуп убри ада ԥсыхәа шыҟам, нас ауп иҽи икәадыри анеиқәиҵаша!..
Сара ателехәаԥшра аус акырынтә исыдыргалеит. Азныказгьы аҭыхракәа ҳрылагахьан. Нас, иҟалаз сыздыруам, иаҟәыҵит. Сара уи азы есқьынагь сыхиоуп. Ауалафахәы ҳәа изҿу, аԥарагьы сҭахӡам...
- Ҳаири, уара Ҭырқәтәыла уиит, аха ушыхәыҷӡаз уԥсадгьыл абзиабара улалеит, убызшәеи уԥсадгьыли ирыдҳәалаз зегьы угәы кылрыблаауан, иаауԥшаанӡа урыцрыҵуамызт… Уԥсадгьылгьы умыԥшаар умуит, араҟа уанааигьы? имазеиз уашьҭамлеит, уара унапала уҩны ӷьазӷьазуа иургылеит!..
- Атәымжәҩан аҵаҟа сиит, аха сахьиз аҩнаҭа ԥсыуа ҩнаҭан. Ҳазхылҵыз ҳҭаацәа еиҳабацәа, саргьы, сашьцәагьы, сахьшьа заҵәгьы ԥсышәла, ԥсыуа ҵасла, ԥсыуа қьабзла ҳрааӡеит. Атәым жәҩан аҵаҟа, даҽа милаҭтә культурак анапаҵаҟа ҳара ԥсышәала, ԥсыуа ҵасла, ԥсыуа қьабзла ҳааӡара имариоу усӡамызт аиашазы. Аха, сгәы самжьозар, ҳаиҳабацәа ашәарҭара ишҭагылазгьы, убри ицәгьамкәа ирылдыршеит ҳәа гәаанагара сымоуп.
Ҳаири Қәҭарба иани иаби
Схы здыруа саналага нахыс ҳазланхоз амилаҭқәеи ҳара аԥсуааи хәыцралагьы, бызшәалагьы, ҟазшьалагьы ҳшеиԥшымыз гәасҭон. Уигьы сыхшыҩ хәыҷ аҟны убри аамҭазы зҭак сзымԥшаауаз азҵаара дуқәа цәырнагон.
Аамҭак ҟалеит, Ҭырқәтәылеи СССР-и рыбжьара ашьха дуқәа реиԥш игылаз "аихатә ҭӡамц" аҽаркәадартә еиԥш. Уи абзоурала, шәышықәса раԥхьа Амшын еиқәа еиҩнашахьаз нхыҵи аахыҵи еибабара ҳабжьалеит. Убри аамҭақәа рзы Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа аара зылзыршаз ҳаиҳабацәа, Ҭырқәтәылаҟа ианыхынҳәуаз инаргаз аԥсуа шәҟәқәа сдырбеит. Урҭ сара сзыҳәан хәы змамыз ҳамҭа дуқәан. Ԥсышәала иҩыз, икьыԥхьыз ашәҟәы абӷьыцқәа еишьҭаргыланы иаасыртыцыԥхьаӡа, уаанӡа зҭак сымамыз сызҵаара дуқәа акакала рҭак соуан. Аха сҭагылазаашьа ҿыц азҵаара ҿыцқәагьы сызцәырнагон. Ҳашҭырқәақәамыз, ҳшаԥсыуааз уаанӡагьы издыруан, аха аҭырқәареи аԥсуареи рҳәаақәа сара сзыҳәан зегь рыла еилыргаӡамызт...
Арадио
Қәҭарба: сроман дарбанзаалакгьы еилыикаауазар, сгәахтәы насыгӡеит ауп иаанаго
Иркьаҿӡаны иаҳҳәозар, ҳамҭас исоуз ԥсышәала иҩыз, икьыԥхьыз ашәҟәқәа сара зынӡа иҿыцу мҩак санырҵеит. Уи амҩа ҿыцгьы "Аԥсадгьылахь амҩа - Аԥсныҟа амҩа" акәын. 1990 шықәсазы сыԥхыӡқәа лабҿабахеит; сыԥсы шҭаз сыблақәа рыла сыԥсадгьыл збеит. Уи ашьҭахь аӷа сыԥсадгьыл данақәла, Аԥсныҟа сааит. 2006 шықәса раахыс Аԥсны сыҟоуп. Анышә самардаанӡагьы абра сынхоит!..
Сара сыԥсадгьыл ахь схынҳәаанӡа еиуеиԥшым атәылақәа рыҟны анџьыныр еиҳабыс аус зухьеит. Ҳаҭыр зқәу, ауаа ирацәаҩны ирдыруа аҩндуқәа, ацҳақәа сыргылахьеит. Аха зегь акоуп урҭ зегьы атәым дгьыл аҟны, атәым милаҭқәа рзы исыргылеит. Сара сзыҳәан урҭ зегьы схы зланыҟәызгоз усқәан. Аха, Аԥсны ӷәык иаасырхо ҵәымаӷ заҵәык, атәым тәылақәа рыҟны исыргылаз аҩндуқәа, ацҳақәа, амҩақәа зегьы ирыԥсоуп. Раԥхьа иргыланы убри жәдырырц сҭахуп. Схатә ҩны аргылара сара сзыҳәан иамоу аҵакы аҳәара сыбызшәа азхаӡоум...
- Уара аҵыхәтәантәи ҩажәа шықәса рыҩнуҵҟа еиҳа уазхьаԥшуа уалагеит алитературатә рҿиара. Иуҩит аепикатә рҿиамҭақәа, аҭоурыхтә романқәа, урҭ тема хадас ирымоу аедыгьааи аԥсуааи рхырҵәара ауп. Ҳара Аԥсны иҭыҵуа ҳжурнал "Алашара" аҿы иаҳкьыԥхьит урҭ руак "Сыхҵәеит, сыхҵәараххеит…" ацыԥҵәаха. Сара иахьынӡаздыруа, уара уҩымҭақәа рӷьырак зегьы аԥсшәахь даара ҟазарыла реиҭагара даҿуп, иагьеиҭеигахьеит Оқҭаи Чкотуа. Иҭымҵыц, уаҳа аԥсуа ԥхьаҩ дызлаургәырӷьаша иумои?!
- Сара сус хадақәа рахь исыԥхьаӡоит сырҿиара, сышәҟәыҩҩра. Уи ахаангьы сахьыҟазаалакгьы исыцын, иахьагьы сыннамыжьӡацт шәымҭакгьы. Ԥшӡала, ҳаԥсуа ԥхьаҩцәа исылшо ала мчыла ихдырҵәаз ҳажәлар рҭоурых мырӡкәа ирызназгалоит!..
- Сара есымша исҳәоит, абраҟа ҳаицәажәараҿгьы даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәасҭоит, ҳара аԥсуаа ҳаиқәзырхо ҳхыԥхьаӡара ауп. Иахьа, Ҭырқәтәыла дыҟоума, Аԥсны дыҟоума, аԥсуа иԥсадгьыл гәакьаҿ аӷьараҳәа ишьапы дықәгылартә алшара иоуроуп, убри иазкызароуп ҳара иааҟаҳҵо зегьы… Абраҟа знык зылҩаҵә ҩазышьҭыз аԥсуа нас идгьыл доунашьҭӡом, агәыбылра икуеит, егьа ицәыцәгьахаргьы, дхынҳәны дмаар иуӡом, абра дӷьацароуп, идацқәа ирыӷәӷәароуп. Убри уара ушԥазхәыцуеи, Ҳаири?!
- Сара агәра згоит мшын нырцәан иҟоу ҳажәлар аӷьырак ргәы-рыԥсы абра ишыҟоу, абрахь рыԥсадгьыл абзиабара шрыхо… Аха ахҵәара-аиҭахҵәара злымшо рацәаҩуп, уа инхахьеи-инҵхьеит, рыхшара, рмаҭацәа, урҭ рыхшара рдацқәа уа иакит… Аха, зегьакоуп, ршьа иалоу ргәалашәоит, рыԥсадгьыл иаҩырхуа акгьы рымаӡам, ашәарҭара ианҭагылоу дара уа ргәы рҭынчны изтәаӡом… Уи ааигәа Аԥсны иаҳхаагаз аибашьра иаҳнарбеит…
- Ҳаири, даара иҭабуп ҳәа уасҳәоит иахьатәи ҳаицәажәаразы… Уара ииашаҵәҟьаны зыԥсадгьыл бзиа ибаны, абра сара саԥшәымоуп ҳәа иааз, уа Ҭырқәтәыла зшьа иамыртәаз, ҳхьаа зхьаау, ҳгәырҩа згәырҩоу, ҳгәырӷьара ҳацеиҩызшо есымша раԥхьа угылоуп! Сара издыруеит, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа даара пату шуқәырҵо, дара рҭаацәара ду агәҭаҵәҟьа ушалоу, еизарак, еилатәарак анрымоу уара уда ишаламго. Ушәҟәқәагьы ԥсышәала реиҭагара, рҭыжьра есымшагьы игәырӷьаҵәа иадгылоит!.. Ҳара ҳжурнал "Алашара" азхиоуп ухьӡ зыдҳәалоу зегьы рҭыжьра, адунеи дырбара… Ус анакәха, ашәҟәыҩҩы Ҳаири Кәҭарба иԥсадгьыл аҿы, иаԥхьаҩцәа есымша иргәырӷьоит, есымша изыԥшуп, ашәҟәыҩҩы изы уи еиҳау насыԥ ыҟаӡам, ус акәӡами Ҳаири?!
- Ааи, ус ауп, ажәа бзиа иара ахала ацҳа хнаҵоит!.. Аус злоу, убри ажәа алԥха ҳамазааит!..