Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Мраҭашәаратәи атәылақәа рҟынтәи абџьар аазгоз украинатәи аҳаирплан Одесса иҭадырхеит

Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина адемилитаризациа амҩаԥыргаразы арратә аоперациа ҷыда иацнаҵоит, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит уи хықәкы хадас иамоу Донбасс ахақәиҭтәра шакәу.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Одесса азааигәара урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә ар иҭадырхеит аибашьыгатә техника зҭаз украинатәи арратә аидарамҩангагатә ҳаирплан ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Иара иажәақәа рыла, аҳаирплан иаанагон мраҭашәаратәи атәылақәа Украинаҟа иаарышьҭуаз абџьар.
Урыстәылатәи арратә усбарҭа адыррақәа рыла, иааизакны арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи украинатәи Арбџьармчқәа иртәу 134 ҳаирплан ҭахахьеит.
Иацтәи амш иалагӡаны иҳаракны икылкаан ихысуа аракетала аӷа ирратә обиектқәа 15 ықәхын.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Афедерациа ахеилак аҿы ирҳәеит хара имгакәа Украина арратә операциа шхыркәшахо